АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik. Аиҳарак акурорттә еизгақәа ахьыршәо аԥсшьаҩцәа иколлективу раанҿасырҭақәа рҿоуп, хаҭа-хаҭала иахьаанҿасуа акурорттә еизгақәа ршәарақәа мҩаԥысӡом, иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.
"Амуниципалтә органқәа рҟны иҟоуп акурорттә еизгақәа мҩаԥызгоз аусбарҭа ҷыдақәа, аха ишахәҭо еиԥш аизгақәа рымҩаԥгара уадаҩуп. Шәара ижәдыруеит атәылаҿ хаҭала аԥсшьаҩцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа рҟны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара шыуадаҩу. Ус анакәха акурорттә еизга амҩаԥгарагьы ауадаҩра аҵоуп", — иҳәеит Ахба.
Акурорттә еизга азырхоуп ақалақьқәеи араионқәеи рҟны акурорттә усхк аҿаиара.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла уажәы иалацәажәоит Аԥсны акурорттә еизга аҭаху иаҭахыму ҳәа.
"Иҟоуп аҳәынҭқарратә органқәа акурорттә еизга аԥыхра иадгыло, дара ргәаанагарала абри аусхк аҟны асистема аус ауртә ишьақәыргылам. Сара сгәаанагаралагьы акурорттә еизгақәа рзы азыкәан аредакциа аҭахуп", — иҳәеит Асҭамыр Ахба.
Аԥсны аотелиерцәа Ргильдиа апрезидент Игор Жигун акурорттә еизга хра амам ҳәа иԥхьаӡоит.
"Аотилиерцәа ргильдиаҿы абри азҵаара ҳалацәажәахьеит, аха ҳара ҳгәаанагарала азакәан аусура хылаԥшра аҭатәуп. Уи адагьы ҳара иаҳҭахуп иаадыруазарц еизго аԥарақәа ахьцо" — иҳәеит Жигун.
Иара игәаанаграла аԥара еизыргазар, ақалақь Ахадара урҭ хықәкыла инырхроуп, Аԥсны аимидж иаззырҳауа аусқәа ирызкызароуп.
"Еизырго аԥарақәа аинфраструктуратә проектқәа рымҩаԥгара адагьы Аԥсны акурортқәа рыхьӡ аӡыргара иазырхазароуп. Ицәгьамызт арҭ аԥарақәа асоциалтә ҳақәа реиԥш аинформациа амассатә хархәагақәа рҿгьы Аԥсны ахьӡырырго, иахьаладырҵәо азы гәазыҟаҵарак аҳасаб ала ирзырхазар", — иҳәеит Жигун.
Жигун иажәақәа рыла 2017 шықәса рзы имаҷӡан аԥара еизган.
"Еизгаз аԥарақәа рыла ак ҟауҵартә иҟамызт", — иҳәеит иара.
"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ акурорттә еизгақәа рзы" Азакәан рыдыркылеит 2006 шықәса ԥхынгәы 5 рзы.