Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Витали Қацәба: асахьаҭыхраҿы иҟасҵаз даара имаҷуп

© SputnikВиталий Кацба
Виталий Кацба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Витали Қацәаба ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба диижьҭеи 65 шықәса ҵит.

Ашкол даналга Витали Қацәба Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа дҭалеит. Уи анаҩс, Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа, дагьалгеит 1984 шықәсазы. Аҵара анхиркәша, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны аусура далагеит, иахьагьы уаҟа аус иуеит, иара убас уи сахьаҭыхҩыс дыҟоуп Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟынгьы.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба ирҿиаратә мҩа иазкны

"Сара иҟасҵахьоу даараӡа имаҷӡоуп, абас схы ахәшьара асҭоит. Сырҿиара салацәажәо еиԥш исҟазшьам", — иҳәоит Қацәба.

Витали Қацәба исахьаҭыхымҭақәа ахатәы галереиақәа Италиа, Германиа, Канада, Швеицариа, Урыстәыла уҳәа аҳәынҭқаррақәа рҟны ирымоуп. Витали Қацәба Аԥсны иреиӷьу асахьаҭыхыҩ ҳәа ихьыӡ рҳәахьеит – 2006 – 2013 шықәсқәа рзы.

Ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0