Атуристтә аоператор "Дельфин" аиҳабы: Аԥсны аӡыргара бзиа аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз погоды
Прогноз погоды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша урыстәылатәи атуристтә операторцәа рхы аладырхәит афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" ааԥынтәи афестиваль "Амимоза ашәҭреи".

АҞӘА, хәажәкыра 9 — Sputnik. Бадри Есиава. Афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" ааԥынтәи афестиваль "Амимоза ашәҭреи" мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 7-10 рзы.

Жаркий декабрь в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" афестиваль "Амимоза ашәҭреи" мҩаԥысуеит

Урыстәылатәи атуристтә аоператор "Дельфин" аиҳабы Анастасиа Апатикова лажәақәа рыла асоциалтә ҳақәа рыҟны  Аԥсны аӡыргара еиҳа ирацәазар ауп.

"Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи, еиуеиԥшым асасааирҭақәеи, аанҿасырҭақәеи ирызку аӡыргара ыҟазар ауп аинтернет аҟны. Уи зегьы абзиара иазкызар ауп. Аԥсны шаҟа ибзиоу, аҳауа шзҩыдоу бжьы ҭгала иҳәалатәуп. Аӡыргара бзиа акыр аҵанакуеит, ус ианышәзыҟаҵа иааиуа атуристтә аамҭа атәылазы лыҵшәа бзиала имҩаԥысыр алшоит", — лҳәеит лара.

Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рҵакырадгьыл аҟны еснагь ацқьара ыҟазара ауп, аԥсшьаҩцәа ахьыҟазаалак ршәарҭадара иахылаԥшлатәуп, ҳәа азгәалҭеит лара.

"Аԥсны ианакәзаалакгьы асасцәа бзианы ирыдаркылоит. Иааҳашьҭуа аԥсшьаҩцәа акы ус акәымызт ҳәа ргәы мнаӡацкәа иҟамлацт", — лҳәеит Апатикова.

Аԥсны атуризм ҿиаларцаз ахарџь бзиа аҭахуп, ҳәа лгәаанагара лҳәеит лара.

"Иҳамоу адыррақәа рыла 2018 шықәсазтәи атуристтә аамҭа Аԥсны маҷк ихьысҳахар алшоит. Атуристтә хырхарҭақәа зегьы маҷк иагханы иҿиоит, уи азы аԥсшьаҩы арахь ахынҳәра иҭахым", — лҳәеит лара.

Афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" ааԥынтәи афестиваль "Амимоза ашәҭреи" мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 7-10 рзы. иалахәуп "Дельфин", "Библио глобус", "Дельфин" реиԥш иҟоу иналукааша урыстәылатәи атуристтә операторцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0