Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәа

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба на сухумском причале.
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҭынчым аҭынчра зыԥсҭазаара иацыз, заԥҵамҭақәа бызшәа цқьалеи, ҵакы ҵаулалеи иҭәу, аԥсуа поезиатә дәҳәыԥш аҟны зырҿиаратә жәла зҟьаз, нас уи шәҭы-бабышла ихызҟьаз Таиф Аџьба диижьҭеи 79 шықәса ҵит.

Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба

Апоет Таиф Аџьба изхәыцра еснагь исзацуп ҩ-цәаныррак, зегь раԥхьа иргыланы уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны илахьынҵахаз азы еилкаа ахьыҟам иацу алахьеиқәреи, ирҿиаратә ҭынха иадҳәалоу аԥхарреи агәеизҳареи.

Апоет иаԥҵамҭақәа аԥхьаҩцәа бзиа ирбо, ҿырҳәала ирҳәо иҟазҵаз, хымԥада автор игәра ахьырго ауп, ихәыцу, мамзаргьы рыԥсҭазаара, рҵас, рхымҩаԥгашьа иацәыхароу поезиам уи ирҿиара. Иаҳгәалаҳаршәап актәи ацәаҳәа инаркны аҵыхәтәантәи аҟынӡа аԥсуа идунеихәаԥшышьа аарԥшра ала иҭәу ажәеинраала "Уааи сыҩныҟа":

Лнапы ргьежьуа сан дуԥылап,

Аԥсшәа уеиҳәап саб дыччо,

Наҟ-ааҟ сашьцәа ааувагылап,

Саҳәшьа дцәырҵып дыԥхашьо.

 

Урыма илеип аҩныҟа рысас,

Ҳаҭыр уқәҵан удыртәап.

Саб дызхаану, саб дызхысыз –

– Ажәабжь ссирқәа уа иуаҳап.

 Абас еиԥш иҟоу арҿиамҭақәа, аԥхьаҩ идикылаз, Таиф Аџьба инапы иҵыҵыз акыр ирацәоуп. Апоет ма ашәҟәыҩҩы амилаҭтә литература аҟны иҭыԥ ҳаналацәажәо, иазгәаҳҭар ауп иарбан литературазаалакгьы аҿиара шзалымшо баҩхатәртә ҩаӡарала еиуеиԥшым арҿиаҩцәа ыҟамкәа. 

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Убри аан иҟоуп ҷыдала зыӡбахә уҳәаша ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа. Аԥсуа милаҭтә литератураҿы ус еиԥш иҟоу дыруаӡәкуп Таиф Аџьба. Иуадаҩуп аԥсуа литератураҿы даҽа рҿиаҩык иӡбахә аҳәара иара иаҟара қәҿиарала ахәыҷқәеи абеиԥара еиҳаби ирызку аҩымҭақәа аԥызҵоз:

 Ҵис иакит аҳәынаԥ,

Иагьмаҷым, иагьмыцхәым

Ҳәынаԥы хазынак –

Уаҳа назҭахым.

 

Иафом, иазыԥшуеит.

Иоунажьуеит –

                   Иакуеит

Ихәмаруеит Ҵис абас,

Уазхәыц иагәазырԥха!

Ахәыҷқәа иргәаԥхаша, изырлахҿыхша ацәаҳәақәа рыла ауп ишеиқәыршәоу апоет ихәыҷтәы жәеинраалақәагьы. Иахьа жәаҩык ахәыҷқәа уразҵаар иарбан жәеинраалоу ирдыруа аилкааразы, сгәы иаанагоит аиҳараҩык – Сан даԥсыуоуп, Саб даԥсыуоуп ҳәа Таиф Аџьба иажәеинраала аиҭаҳәара иналагоит ҳәа. Уи еиҳау жәлар разхаҵара ҟалараны иҟам.

 Апоет имоуп ажәеинраала "Амҩа", уаҟа уи иааирԥшеит аԥсабараҿы зегьы мҩак ишану:

 Амҩа иқәуп аԥсҭҳәа шкәакәа,

Ҵыси ҳәыҳәи ԥырԥыруеит.

Амҩа иқәуп арҵу каԥа,

Ашьхыц дәықәуп, иԥшаауеит.

Амҩа иқәуп Таиф Аџьба ицәаҳәагьы, уи ахы хоуп абеиԥара ҿыцқәа рахь, автор иҩымҭақәа дунеи лашак ззаанартуа рахь. Апоет иаԥҵамҭақәа ирымоуп иҟалап арҿиаҩцәа рзы зегь реиҳа ихадоу ҷыдарак – урҭ хәыцӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0