Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: Таиф Аџьба иҩымҭақәа имарианы еиҿартәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ирҿиара акырӡа исзааигәоуп, иҩымҭақәа бызшәа цқьалаиҩуп. аиҿартәашьа акәзар имариоуп, иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны афилолог, здиссертациатә усумҭа апоет ирҿира иазызкыз Бадраҟ Аҩӡба.

"Хра злоу ахҭысқәа": Бадраҟ Аҩӡба Таиф Аџьба ирҿиара иазкны
"Избан Таиф Аџьба ирҿиамҭа иазкны адиссертациа аҩра зызҭаххаз, ибан акәзар иара ирҿиамҭақәа акырӡа иҵаулоуп, исзааигәоуп, ашкол санҭаз инаркны. Таиф Аџьба ирҿиара аԥсуа критикцәа иҭырҵаахьеит, аха аҭҵаамҭақәа рацәоуп, ҳәа ҳзыҳәаӡом. Еиуеиԥшым алитературатә журналқәа ирнылоит иара ирҿиара иазку аҭҵаамҭақәа, аха иааидкыланы монографиак ҭыжьны иҟам. Ас еиԥш иҟоу аус уҽаназыук иара ирҿиара адагьы апоет иҟазшьаз, иуаҩышьаз аилкаар аҭахуп. иҩымҭақәа ртәы анаҳҳәо иҳәатәуп иара ԥсыуа́бызшәа цқьала ишыҩу, марианы ишеиҿартәоу", — иҳәеит Аҩӡба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0