Кьылба: Аԥсны аҳауатә ҵакыра аҭаԥшыхәра аӡәгьы азин имам

© Sputnik / Томас ТхайцукСекретарь совбеза Мухамед Килба
Секретарь совбеза Мухамед Килба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла ацхыраарала ЕАШ (США) иаԥшьнагоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара, аха аԥыррақәа анхацыркхо азҵаара макьаназ иӡбам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арра-дипломатиатә хыҵхырҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

АҞӘА, хәажәкыра 12— Sputnik. Қырҭтәыла ацхыраарала ЕАШ (США) иаԥшьнагоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара, аха аԥыррақәа анхацыркхо азҵаара макьаназ иӡбам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри аганахь ала Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иҳәеит Аԥсны аҳауатә ҵакыра аҭаԥшыхәра аӡәгьы азин имам ареспублика ахаҭа уи иақәшаҳаҭымхозар ҳәа.

"Америка иаҭахуп – уи акгьы аанагаӡом. Аԥсны аҳауатә ҵакыра аҭаԥшыхәра аӡәгьы азин имам ареспублика ахаҭа уи иақәшаҳаҭымхозар. Мамзаргьы иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра иалахәу Урыстәыла ақәшаҳаҭра ыҟазароуп. Ҳара ҳазыхиоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа рылацәажәара, уск азнеира, аха Аԥсны аҭаԥшыхәра азин ыҟам иара уи иақәшаҳаҭымкәа", — иҳәеит Кьылба.

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Хельсинки, 1992 шықәса хәажәкыра 24 рзы. Анапаҵаҩра иалахәын ОБСЕ аҳәынҭқарра-лахәылацәа 23.

Урыстәыла Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит 2001 шықәса лаҵарамзазы.

Қырҭтәыла ацхыраарала ЕАШ (США) иаԥшьнагеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара. Абри аан азхьаԥшра аҭам Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу, иаарту ажәҩан азы аиқәшаҳаҭрагьы ишалахәым.

Архивное фото вида на Сухум - Sputnik Аҧсны
ЕАШ аԥшьгарала иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара

2017 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы арра-дипломатиатә хыҵхырҭа иҟанаҵаз адыррақәа рыла 2018 шықәса рзы иаарту ажәҩан азы аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахар алшоит Қырҭтәыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә ҵакыра ахьанаркыз.

ЕАШ (США)  гәҭакны иаман урыстәылатәи аҳаирплан-хылаԥшыгақәа рзы Алиаскеи Гаваии иахьрыҵаркуа аҳауатә ҵакыра арура. Абри аан Урыстәыла иагәҭакуп 2018 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ЕАШ (США) аҳаирплан-хылаԥшыгақәа рзы аҳаиртә баӷәазақәа ҭакны ианаркырц.

Уи адагьы 2017 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы ОБСЕ иҟоу ЕАШ (США) амиссиахь урыстәылатәи аган инанашьҭит анота. Иара инақәыршәаны америкатәи агани дареи реиқәшаҳаҭрақәак русура аанкылахон.

Ажәабжьқәа зегьы
0