ЕАШ аԥшьгарала иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото вида на Сухум
Архивное фото вида на Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) аԥшьгарала иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара, аха уи анхацыркхо азҵаара макьаназ иӡбам.

АҞӘА, хәажәкыра 13— Sputnik. Қырҭтәыла ацхыраарала ЕАШ (США)  иаԥшьнагоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара, аха аԥыррақәа анхацыркхо азҵаара макьаназ иӡбам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Макьаназы аԥыррақәа ианрылаго азҵаара азы гәаанагарак шьақәыргылам. Қырҭтәыла аҳауатә ҵакыра урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы ианаркит. Иара убри аан Қырҭтәыла ацхыраарала ЕАШ (США) иаԥшьнагеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳауатә ҵакыра агәаҭара. Абри аан азхьаԥшра аҭам Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу, иаарту ажәҩан азы аиқәшаҳаҭрагьы ишалахәым".

Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
АЕШ (США) Аҳәынҭдепартамент афактқәа еиланахәоит

ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы арра-дипломатиатә хыҵхырҭа иҟанаҵаз адыррақәа рыла 2018 шықәса рзы иаарту ажәҩан азы аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахар алшоит Қырҭтәыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә ҵакыра ахьанаркыз.

ЕАШ (США)  гәҭакны иаман урыстәылатәи аҳаирплан-хылаԥшыгақәа рзы Алиаскеи Гаваии иахьрыҵаркуа аҳауатә ҵакыра арура. Абри аан Урыстәыла иагәҭакуп 2018 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ЕАШ (США)  аҳаирплан-хылаԥшыгақәа рзы аҳаиртә баӷәазақәа ҭакны ианаркырц.

Уи адагьы 2017 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы ОБСЕ иҟоу ЕАШ (США) амиссиахь урыстәылатәи аган инанашьҭит анота. Иара инақәыршәаны америкатәи агани дареи реиқәшаҳаҭрақәак русура аанкылахон.

Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Хельсинки, 1992 шықәса хәажәкыра 24 рзы. Анапаҵаҩра иалахәын ОБСЕ аҳәынҭқарра-лахәылацәа 23.

Урыстәыла Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит 2001 шықәса лаҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0