Џьинџьиа: ауҭраҭыхқәеи ашәырқәеи аҳәаа рахыгара аанкылара аамҭалатәиуп

© Sputnik / Томас ТхайцукФрукты и овощи на Сухумском рынке.
Фрукты и овощи на Сухумском рынке. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Россельхознадзор хәажәкыра 12 инаркны аамҭала иааннакылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыганы аҵиаатә аалыҵ аиагара, амармалташь пты ацәшәаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауҭраҭыхқәеи ашәырқәеи аҳәаа рахыгара аанкылара аамҭалатәиуп, цәшәара ыҟам ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны аҵиаақәа акарантин амҩаԥгараз аҳәынҭарратә хылаԥшра аусбарҭа аиҳабы Аркади Џьинџьиа.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с участием ученых, глав администрации городов и районов республики посвященное борьбе с мраморным клопом. - Sputnik Аҧсны
Амармалташь пты аныхразы ареспубликатә штаб аԥҵоуп

"Сара сгәаанагарала шәарҭара ыҟам. Аалыҵ аҳәаа ахыгара аԥкра аамҭалатәи аҟазшьоуп иамоу. Иара инақәыршәаны хә-кьылак еиҳаны аалыҵ аиагара ҟалом. Россельхознадзор аҟынтәи ашәҟәқәа анысзааи, урҭ рҭакқәа ҟасҵеит", — иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.

Аркади Џьинџьиа иазгәеиҭеит амармалташь пты Аԥсныҟа Қырҭтәылантәи иқәнагалеит ҳәа.

"Амармалташь пты цәырҵит 2016 шықәса рзы, аха аԥхасҭа ӷәӷәаны иҟанаҵо иалагеит 2017 шықәса рзы. Аиҳаракгьы галтәи араион аҿы. Уажәы апты ареспублика иахьаҵанакуа зегьы иуԥылоит", — иҳәеит Џьинџьиа.

Иара иажәақәа рыла русбарҭеи, аекологиа аинститути, ақыҭанхамҩа аминистрреи апты иаҿагыланы ақәԥаразы аилацәажәаарқәеи ауснагӡатәқәеи еицымҩаԥыргоит.

Аҳәааҿы аус зуа аусбарҭа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп еиҳа хра аманы аусура аиҿкааразы.

Аекологцәа ражәақәа рыла ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа арахь иқәнагалаз амармалташь птқәа макьаназы ирҿагыло ҳәа хәшәык рызхәыцым. Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаарази иааҳакәыршан иҟоу аԥсабарази шәарҭарада апты иаҿагылан ақәԥара уадаҩуп. Апты ҿиоит +15ºС — +33 ºС рҟынӡа аԥхарра аныҟалалак.

Иара рылаҵәаны иҟоуп Мрагыларатәи Азиа, Америка, Европатәи атәылақәа, Ҭырқәтәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0