Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз аконцерт мҩаԥган

© SputnikКонцерт "Вечер-Реквием" в Абхазской госфилармонии
Концерт Вечер-Реквием в Абхазской госфилармонии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз аконцерт мҩаԥган Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 14– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз аконцерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Аконцерт иалахәын Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Адыгатәи ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асимфониатә оркестр артистцәа, Шәачатәи асимфониатә оркестр артистцәа. Аконцерт апрограмма шьақәгылан аклассикатә музыка арҿиамҭақәа рыла.

Ихыртын Лиудвиг ван Бетховен исимфониа № 5 ала.

Архивное фото филармонии - Sputnik Аҧсны
Аконцерт "Ахәылԥаз-Реквием" Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгахоит

Асимфониа №5 Бетховен иҩит 1804-1808 шықәсқәа раан. Асимфониа иара убасгьы еицырдыруеит Schicksalssymphonie ҳәа (Schicksals – судьба).

Аконцерт аиҿкааҩ Есма Џьениаԥҳа ишылҳәаз ала асимфониа ахәылԥаз иақәнаго, атәы аҳәо иҟоу рҿиамҭоуп. Лиудвиг ван Бетховен иара иҩит афранцызцәеи австриааи реибашьра хьанҭа ашьҭахь.

Ахәаԥшыҩцәа ргәаанаграла аконцерт баша аклассикатә музыка иаконцертны иҟамызт, иара иҭахаз ргәалашәара иашьананы иҟан.

""Ахәылԥаз-Реквием" – ԥшьынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи. Агәалашәара иазкуп. Есқьаангьы артистцәа ҿыцқәа адрыԥхьалоит. Иахьатәи аконцерт иалахәын Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Адыгатәи ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асимфониатә оркестр артистцәа, Шәачатәи асимфониатә оркестр артистцәа", — ҳәа еиҭалҳәоит ахәаԥшҩы Амра Гогьиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0