00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

"Агәалашәара амҩала": Марттәи ажәылара 1993 шықәсазы

© Foto / предоставлено Музеем боевой СлавыБойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя
Бойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.

Марттәи ажәылара – зегь раасҭа игәыҭшьаагахаз арратә операциа Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы. Аԥсуа армчқәа командаҟаҵаҩыс дрыман Сергеи Дбар. Ажәылара алагеит хәажәкыра 15 ауха. Уахынла асааҭ акы ҟаларц жәохә минуҭ шагыз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа аҳауалеи абзарбзанлеи амца рыжәҵан, анаҩс ашьаҟауаа ажәылара иалагеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

"Агәалашәара амҩала": Марттәи ажәылара

Аԥхьа иҷыдоу агәыԥ 23-ҩык рыла ишьақәгылаз Гәымсҭа хыхьтәи ацҳа аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит, аӷа иабашьит. Гәдоуҭатәи аштормтә гәыԥи ахԥатәи амотохысратә бригадеи аӡы ирны ашьапылацҳа азааигәара, ишеибашьуаз Ешба имҩаду аҟынӡа инеит.

Убри аамҭазы аӡы ирит агәыԥқәа "Беркут", "Град", "Евкалипт", урҭ аӷа имацәаз иҭашәеит. Ашамҭазы аӷа итанкқәеи ибзарбзанқәеи рыла иреихсуа иалагеит. Абаталион "Шьараҭын" Гәымсҭа хыхьтәи ацҳала ицараны иҟаз, инеираны иахьыҟаз хәажәкыра 16 ашамҭазы ауп. Ақырҭуа иартиллериа ишиашаз ирықәкны реихысра иалагеит.
Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳақәа рааигәара аӡы ирит актәи абаталиони аҩбатәи аштурмтә бригадеи. Аха рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рзынамыгӡеит. Иара убас русқәа маншәаламхеит Гагратәи аштурмтә бригадеи Пицундатәи абаталиони.

Ацеллофантә цех азааигәара Гәымсҭа ирит Афон-Ешыратәи аштурмтә гәыԥ Цкәуа напхгара зыиҭози Гәымсҭатәи афронт арота Тәанба напхгаха зыиҭози. Агәыԥқәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа нарыгӡеит – Гәымсҭатәи амассив ахь икылсит, Ачадаратәи аихамҩа рнапахьы иааргеит, иара убри алагьы алшарақәа рзаԥырҵеит аҩбатәи ашелон алагалара азыҳәа.
Афон-Ешыратәи аштурмтә гәыԥ ашьҭрала идәықәлеит аҩбатәи аешелон – аԥшаҳәахьчара 5-тәи абаталион Смыр командаҟаҵаҩыс дызмаз. Абаталион иацны аӡы ирит агәыԥқәа "Сатурни", "Урагани". Агәыԥқәа ирылшеит Ачадаратәи аихҿамҩатә платформеи амандаринаҭреи рҟынӡа анеира.

Аханатә аԥсуа жәылара қәҿиарала имҩаԥысуан. Аха ақырҭцәа ррезервқәа анагара иалагеит. Убри аан ҳа ҳтәқәа аԥхьа игылан инеиз ацхыраара рмоуит, Гәымсҭаҟа ихьаҵыр акәхеит.
Аха ахьаҵра зынӡаск имариамызт. Усҟан Аҟәа ахақәиҭтәра аҽазышәараан иҭахеит 222-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, урҭ рахьтә 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Ажәабжьқәа зегьы
0