Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аветеран: Марттәи ажәылараан зынӡа иқәыԥшқәаз аҷкәынцәа ҳацәҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Чачибая
Нугзар Чачибая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Марттәи ажәылараан аҷкәынцәа қәыԥшцәа ҳацәҭахеит, иҳәеит аибашьра аветеран Нугзар Чачибаиа.

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.

Аибашьра аветеран Марттәи ажәылара иазкны

"Аиаша ҳәатәуп актәи аешелон иашьҭанеир акәын аҩбатәи, аха уи мнеиӡеит, шьҭахьҟа ихьаҵызгьы ҟалеит. Аҷкәынцәа бзиақәа ҳацәҭахеит, сара усҟан 21 шықәса роуп исхыҵуаз. Сара исықәлаз инадыркны, сеиҳабацәагьы Шәачаҟа имцакәа Аԥсны иаангыланы иҳавагылазтгьы ибзиахон, амедалқәа ршараҿы ауп џьоукы анаа, урҭ аԥсуаа дырԥхашьазшәа сгәы иабоит сара",- иҳәеит аибашьра аветеран.

Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа рыхәҭак ргәаанагарала, уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0