Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Надараиа: Гал араион абжьаҭаразы азин рымоуп 106-ҩык

© Sputnik Белла КварчияТимур Надарая
Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҟны Аԥсны зегь аҟны еиԥш Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы абжьаҭара мҩаԥысуеит, иҳәеит Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа.
Надараиа: Гал араион абжьаҭаразы азин рымоуп 106-ҩык

"Гал араион аҟны Аԥсны зегь аҟны еиԥш Урыстәыла ахада иалхрақәа рзы абжьаҭара мҩаԥысуеит. Амш бзиоуп, убасгьы ибзиоуп ауаа ргәалаҟазара. Гал араион абжьаҭаразы азин рымоуп 106-ҩык. Абыржәтәи аамҭазы алхратә комиссиа ишырҳәо ала 300-ҩык инреиҳаны рыбжьы арҭахьеит", — иҳәеит Надараиа.

Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭиирц ахьрылшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0