Аҳәынҭқарратә аҿартә театр актиорцәа аҭоурыхтә ақәыргыламҭа "Қьалашьбеи" рыманы ааԥхьара рымоуп Москва иҟоу аԥсуа диаспора 60 шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаԥысуа агәырӷьаратә уснагӡатәқәа рахь.
Аспектакль иалаху зегьы актиорцәа, иара убас арежиссиор, адрама автор. Уажәазы, иаҭаху ашәҟәқәа еиқәыршәаны адекорациақәеи, акостиумқәеи Москваҟа ирышьҭоит.
Раԥхьатәи ашьаҿа: "Қьалашьбеи" Москваҟа амҩа иқәлеит
14:20 18.03.2018 (ирҿыцуп: 14:56 18.03.2018)
© Sputnik Илона Хәарцкьиаԥҳа/ Амра Амҷԥҳа
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Қьалашьбеи" Москва идырбахоит хәажәкыра 20 акультуратә центр "Москвич" аҟны.