Габуниа: аидентификациатә номер аԥсахра хымԥадатәиуп

CC0 / / Калькулятор и очки, график планирования экономики
Калькулятор и очки, график планирования экономики - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Габуниа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ашәахтәшәаҩцәа 2018 шықәса актәи аԥшьбарабжа анҵәамҭанӡа риндификационтә номерқәа рыԥсахроуп ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. 2017 шықәс арзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыз аиурист хаҿқәа амазаратәии имазаратәыми рзинқәа рцәыӡыр алшоит иҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Габуниа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

Габуния Георгий - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гьаргь Габуниа: ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи иномер зда ԥсыхәа ыҟам қьаадуп

"Амазаратә зинқәа рганахь ала, аиурист хаҿы адгьыл ҭыԥ имазар мамзаргьы аргылара имазар ицәыӡыр алшоит аиҭаҽҭаҩра дахымсыр. Амазаратә зинқәа ҳанрылацәажәо аиҳарак уи иаҵаабаауа адгьыл ҭыԥқәа роуп, избанзар ирацәаҩуп аиурист хаҿқәа адгьыл арендла иганы адгьылшәахтә зымшәо. Аиҭаҽҭаҩра амҩаԥгара иаҳнарбеит иактивым ахаҿқәа шырацәаҩу", — иҳәеит иара.

ИНН абланкқәа зымԥсахыз аиурист хаҿқәа аԥыхтәуп иҳәеит иара.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра уаанӡа адырра ҟанаҵахьан аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыц ашәахтә гәаҭара мҩаԥганы раԥыхра мҩаԥыргар шалшо. 2017 шықәс арзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыз аиурист хаҿқәа амазаратәии имазаратәыми рзинқәа рцәыӡыр алшоит ҳәа азгәанаҭахьан аминистрра.

"Аминистрра асеиԥш ҟанамҵар ада ҽа-мҩакы амамкәа иҟалеит. ИНН абланкқәа рыԥсахра аҵакы амоуп ашәахтәқәҵара асистемаҿы. 2018 шықәса актәи аԥшьбарабжа анҵәамҭанӡа аамҭа ыҟан, аха ауаа рааира маҷуп", — иҳәеит Габуниа.

Георги Габуниа иҳәеит агәҽанҵара иҟарҵо ауаа арцыхцыхып ҳәа дшақәгәыӷуа.

Аминистрра уаанӡа иҟанаҵахьаз аҳәамҭа инақәыршәаны 2017 шықәс арзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны аиҭаҽҭаҩра апроцедура иахымсыз аиурист хаҿқәа амазаратәии имазаратәыми рзинқәа рцәыӡыр алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0