Стенин ихьӡ зху аконкурс аихшьаалақәа рекордтәуп

© Sputnik / Фандулвази ДжайклоК участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны
К участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Стенин ихьӡ зху аконкурс алауреатцәа 2018 шықәса рзы 3 миллион мааҭ роур алшоит.

АҞӘА, хәажәкыра 20— Sputnik. 6000 ҭыхымҭа 77 тәыла рҟынтәи аанагахьеит Стенин ихьӡ зху аконкурс ахь. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалон 2018 шықәса жәабран 28 рҟынӡа. Иалахәхар ауан 18-33 шықәса зхыҵуа афоторепортиорцәеи афотоҭыхра бзиа избои.

Аконкурс акуратор Оксана Олеиник иазгәалҭеит: "Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс есышықәса еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит, алахәылацәа рхыԥхьаӡара рацәахоит. Сынтәа Саудтәи Аравиа, Мианма, Коста-Рика, Руанда рҟынтәи афотожурналистцәа қәыԥшцәа раԥхьаӡа акәны иалахәхеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс", — ҳәа.

МКФ имени Стенина - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аиндаҭлара афонд х-миллионк инаӡеит

Уажәшьҭатәи етапны иҟалоит жәларбжьаратәи ажиури аусура. Иҟаҵоу азыҳәақәа рыла аԥыжәара рымоуп Урыстәыла, Китаи, Индиа, Италиа, США, Ҭырқәтәыла. Урыстәыла иахьаҵанакуа аиҳарак азыҳәақәа аарышьҭит: Москва, Санкт-Петербург, Владивосток, Тиумен, Саратов, Воронеж, Казан рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа.

Аконкурс аорт-бӷьыц ӡыргахоит лаҵарамза 22 рзы асаит stenincontest.ru. аҟны.

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" афонд х-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит сынтәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik —аиндаҭлара жәларбжьаратәи информациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0