Қәҭарба: арепатриациа аилак Аԥсни ҳџьынџьуааи рыбжьара иҟоу цҳауп

© Sputnik Томас ТхайцукГоскомитет Республики Абхазия по репатриации
Госкомитет Республики Абхазия по репатриации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра инамаданы Sputnik Аԥсны имҩаԥган апресс-конференциа.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы — цҳауп, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраз, абри атәы иҳәеит аилак ахада ихаҭыԥуаҩ Ерқан Қәҭарба.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Дбар: Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа еснагь аԥсуа жәлари дареи еимадоуп

"Аибашьра ашьҭахь арепатриациа аусура аганахьала иҳамамызт аԥышәа, алшарақәа, аха уезгьы ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы аус напы аҳаркит", — игәалаиршәоит иара.

Арепатриациазы аҳәынҭеилакы иамоу адыррақәа рыла 11 нызкь-ҩык ҳџьынџьуаа Аԥсны иатәылауаҩуп.

"Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара Очамчыра ақалақь аҟны инхо рхыԥхьаӡара иаҟароуп ҳәа ҳҳәар ҟалоит. Ҳџьынџьуаа рыхшаараиура еиҳа еиҳауп аҭыԥантәи аԥсуаа раасҭа. Рыхшаара хҩык-хәҩык иреиҵам", — иҳәеит Қәҭарба.

Қәҭарба иажәақәа рыла, 95% ҳџьынџьуаа аусурҭатә ҭыԥқәа рыла еиқәыршәоуп, аха аулафахәы агәынамӡара маҷк ирызцәырнагоит.

"Аулафахәы маҷуп, уи аҩыза аҭагылазаашьа Аԥсны ахы-аҵыхәа иҟоу ҭагылазаашьоуп. Аиашазы, аҭыԥантәи ирзымариазар, ақыҭарақәа, рыуа —рҭынха рыцхраауазар, Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа раб игәараҭақәа рымам, изыдҳәалоу қыҭак ыҟам, ҩныс ирымоу — Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ауп", — азгәаиҭеит иара.

Шьамтәылантәи иааз аԥсуаа рзы еиҿкаан аԥсуа, аурыс бызшәақәа дырҵаразы акурсқәа.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

"Аԥсуа бызшәа егьа ирҵаргьы, ҳџьынџьуаа ахьынаиааиуа, иаҳҳәап адәқьанқәа рыҟны аурыс бызшәа адырра рҭахуп. Аԥышәа иҳамоу ишаҳнарбаз ала, ҳџьынџьуаа аурыс бызшәа анырдыруа абзазараҿы ирԥыло ауадаҩрақәа рыхгара маҷк ирзымариахоит. Арепатриациазы аҳәынҭеилакы аусзуҩцәа ҳџьынџьуаа араатәи аԥсҭазаара иашьцылараз ирылшоз зегьы ҟарҵон. Шьамтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа, аибашьра иалҵны иааит, уи аҟнытә дара рзы апсихолог, асоциалтә усзуҩцәа рыцхыраара рҭаххеит. Ҳара иҳалшоз аҿы акгьы рыгаҳмыжьеит", — иҳәеит иара.

Қәҭарба иҳәеит ҳџьынџьуаа аӡәырҩы анхарҭа ҭыԥ аиуразы агәаран ишықәгылоу. Аилак аҟны аӡбамҭала Маҷара ақыҭаҿы иацҵоуп акоттедж ҳасабала ҩ-ехагылак змоу, 16 уада аманы аҩнқәа рыргылара.

"Даҽа ԥшь-ҩнык ргылахоит. Аха сара уи сазыразым ҳџьынџьуаа дара-дара ахьеизаанхо. Аԥышәа ишаҳнарбаз ала, ҳџьынџьуаа Аԥсны иашьцыларц аԥсуаа ирыланхароуп. Дара-дара еизаанхар рыԥсҭазаара аиҿкаашьа, ирымоу ашьцыларақәа ус иаанхоит. Иаҳҳәозар, ас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит ажәытә ҳаблаҟны игылоу ҳџьынџьуаа ахьынхо аҩны аҟны. Уаҟа инхоит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Аџьариантәи, Нхыҵ-Кавказнтә иааиз. Дара, рхәыҷқәа зегьы аҭырқә бызшәала еицәажәон. Иабаҟоу ҳахдырра? Сара исыԥхьаӡоит ҳџьынџьуаагьы аҭыԥантәи аԥсуаагьы еиланхароуп ҳәа", — иҳәеит иара.

Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра инамаданы хәажәкыра 23 асааҭ 16 рзы аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахоит агәырӷьаратә концерт. Аныҳәа иалахәхоит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Нхыҵ-Кавказнтә ааԥхьара змоу асасцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0