Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Быҭәба Барганџьиа иуал ишәарц аӡбра аднакылеит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ахәаԥшит Асида Быҭәԥҳа Гәылрыԥшь араионтә ӡбарҭа аӡбра аганахь ала лашшра.

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Екатерина Онишьченко хантәаҩра ззылуаз, зеилазаараҿы аӡбаҩцәа Есма Қорсаиаԥҳаи Олесиа Ҭарԥҳаи ыҟаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа 2017 шықәса ԥхынҷкәын 4 рзы Даур Барганџьиа Беслан Быҭәбеи иҭаацәара алахәылацәеи рганахь ала ауалшәаразы инеишьҭыз ашшыԥхьыӡ анагӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Беслан Быҭәба ихьчаҩцәа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҵаҵӷәыркит аӡбарҭа актәи аинстанциа еиҭамҵуа амазара аобиектқәа рџьармыкьатә хәыԥса ахьышьақәыдмыргылаз иахҟьеит ҳәа.

Уаанӡа Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аҭакҟаҵаҩцәа Беслан Быҭәба, Марина Быҭәԥҳа, Асида Быҭәԥҳа рҟынтә Даур Барганџьиа иҿаԥхьа ирықәу ауал хадеи (110 827 000 мааҭ) 2016 шықәса хәажәкыра 16 инаркны 2017 шықәса абҵара 28 рҟынӡатәи апроцентқәеи (33 764 210 мааҭ) ршәарц аӡбра аднакылахьан.

Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбра азашшра ҟалоит жәымз рыҩныҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0