Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ Адышшыларатә шәҟәы аартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТраурный митинг перед посольством России в Абхазии
Траурный митинг перед посольством России в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кемерово ақалақь аҟны иҟоу Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны 64-ҩык рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Кемерово иҟалаз арыцҳара инадҳәаланы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы хәажәкыра 29, 30 рзы иаартхоит Адышшыларатә шәҟәы. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Ацҳаражәҳәарҭа ахԥатәи амаӡаныҟәгаҩ Турал Джавадов.

Траурный митинг перед посольством России в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Кемерово иҭахаз ргәалашәара мҩаԥысит Аҟәа

"Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы хәажәкыра 29, 30 рзы иаартхоит Адышшыларатә шәҟәы. Абри аамҭазы дарбанызаалак изҭаху ашәҟәы анҵамҭа ҟаиҵар илшоит", — иҳәеит Джавадов.

Кемерово ақалақь аҟны иҟоу Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны 64-ҩык рыԥсҭазаарақәа ирылҵит. Амца ахы акит аԥшьбатәи аихагылаҿы.

Абри ахҭыс иақәҿыҭуа хәажәкыра 27 рзы Аԥсны имҩаԥыргеит алахьеиқәҵаратә митинг Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа.

Иара убри амш аҽны Гәдоуҭа, Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа шәҩыла ауааԥсыра ацәашьқәа адыркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0