Одинцова: аспектакль "Ахәмарыҩ" аҟны сыстудентцәа сыдмырԥхашьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлена Одинцова
Елена Одинцова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27-28 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль "Ахәмарыҩ" апремиератә рбара. Аспектакль аҿы ихәмаруан Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аушьҭымҭацәа ԥшьҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Актиорцәа ҿарацәа Гурам Кәыҵниа, Милана Ломиаԥҳа, Девид Ԥлиа, Осман Абыхәба аспектакль аҿы рыхәмарра далацәажәо Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аԥсуа студиа анапхгаҩы Елена Одинцова илҳәеит "сыдмырԥхашьеит" ҳәа.

"Иџьасшьеит сҳәар, шәызжьеит, избанзар ԥшьышықәса рыҩныҵҟа ибзианы иҭысҵааит. Дасу илшо здыруеит. Зегь раасҭа иџьасшьаз Гурам Кәыҵниа иоуп. Иара аԥсҭазаараҟны дуаҩ ҭынчуп, ара Александр Иван-иԥа иҟазшьақәа зегьы агәра угартә еиԥш иааирԥшит. Сгәы иаанагоит Милана Ломиаԥҳагьы ииашоу амҩа дануп ҳәа. Лара илылшеит Полина лыҩныҵҟатә хьаа аарԥшра, Достоевски ицәыриго аҟазшьақәа аԥсуа ҳәсақәа ишырцәыхарогьы. Исырҽхәар сылшоит Девид Ԥлиеи Осман Абыхәбеи", — лҳәеит лара.

Елена Одинцова иазгәалҭеит Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аҿы Достоевски бзиа дшырбо. Лассы-лассы иқәдыргылоит иҩымҭақәа. Шьукин ихьӡ зху атеатртә институт аԥсуа студиа анапхгаҩы еиҭалҳәеит "Ахәмарыҩ" арежиссиор иусура Москва ишхациркыз.

"Арежиссер Антон Киселиус аамҭа кьаҿк ала иҟаиҵаз ахәшьара уадаҩуп. Иара иусура даара ҭакԥхықәрала дазнеиит. Иара астудентцәа дырԥылеит, арепетициақәа мҩаԥигеит, атексти аинсцинировкеи аус рыдиулеит. Зегь раасҭа иззыуадаҩыз Гурам Кәыҵниа иакәын. Амонологқәа акыр идууп. Аԥсныҟа иазыхианы иааит", — лҳәеит лара.

Асахьаркыратә напхгаҩы иазгәалҭеит актиорцәа ҿарацәа раԥхьаҟа аус дуқәа шышьҭо. Лара лажәақәа рыла аԥсуа студентцәа актиор иҟазшьа ҷыдақәа рылоуп. Уи иалнаршоит ахәаԥшҩы иҿаԥхьа аҽаартра.

Актиорцәа ҿарацәа Фазиль Искандер еицырдыруа ирҿиамҭала аспектакль ықәдыргылеит

"Уаанӡа ак рықәмҿиозаргьы, аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы рҽеизыркуеит. Уззыԥшу нарыгӡоит. Ахәаԥшҩы актиортә гәаҳәара зызцәыриго хәмарыҩцәоуп", — ҳәа азгәалҭоит Елена Одинцова.

Елена Одинцова иазгәалҭеит Аԥснытәи атеатрқәа актиорцәа рахь ражәадгалақәа зегьы аушьҭымҭацәа рзы иҳамҭа дуны иҟоуп ҳәа.

"Ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Иракли Хынҭәба иус ахь иааирԥшуа абзиабаразы. Арҭ аԥшьышықәса рыҩныҵҟа изныкымкәа иазгәасҭахьан ҳастудентцәа дышрышьклаԥшуаз, рыҿиара шибоз. Даара исҭахуп аԥсуа театри аурыс театри рҽеидкыланы атеатртә ԥсҭазаара еиҭадырҿыхарц", — лҳәеит Елена Одинцова.

Елена Одинцова ишылҳәаз ала лаҵарамзазы Аҟәаа ирбараны иҟоуп адипломтә спектакльқәа ҩба: "Кьоџьаа рҭыӡшәеи", "Софичкеи".

Ажәабжьқәа зегьы
0