Иаԥҵоуп аҭҵаарадырратә центр "Аԥсуа енциклопедиа"

© Fotolia / KaraСтопка книг в библиотеке
Стопка книг в библиотеке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 29 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит аӡбра аҭҵаарадырратә центр "Аԥсуа енциклопедиа" аԥҵаразы.

"Ҳара баша иаԥаҳҵом абри аусбарҭа. Иара иаусдҵаны иҟалоит Аԥсны иадҳәало аматериалқәа реизгара, аус рыдулара, рҭыжьра. Уи иалнаршоит Аԥсны иазку аинформациа аҳәаанырцә рыларҵәара аинформациа аелектронтә хархәагақәагьы рылагьы", — иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава, апроект рыдгало.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба игәаанагарала еиҳа еиӷьхон аусбарҭа иахьа аус зуа аинститутқәа шьаҭас иганы аусура иаларгазар, иҿыцны ахацыркра аасҭа.

Аԥыза-министр Беслан Барцыц иргәалаиршәеит Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҭҵаарадырратә центр "Аԥсуа енциклопедиа" ашьаҭаркразы Адҵа Аԥсны Ахада ишаԥиҵаз.

"Ҳара атәыла Ахада идҵа наҳагӡоит. Уи инақәыршәаны ишьаҭаҳаркуеит аҳәынҭқарратә усбарҭа ҿыц", — иҳәеит иара.

Аҵарауаа аԥсуара аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Аҵара аминистр Адгәыр Какоба иазиԥхьаӡоит аусуразы еиҳа хра аманы ишыҟоу иалку аҭҵаарадырратә центр. Иара иҩызцәа дрыҳәеит аӡбра анрыдыркыло абри иазхьаԥшырц.

Аусбарҭа ҿыц адиректорс аилатәараҟны ихьӡ ҳәан Уасил Аҩӡба.

Уасил Аҩӡба диит абҵара 14 1958 шықәса рзы Аҩада Ешыра. 1984 шықәса рзы далгоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет.

1997 – 1999шш. рзы АБИГИ адиректор ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа неигӡон.

1999 – 2016шш. рзы –АБИГИ адиректор.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0