"Зимняя вишня" ахыбра закәан шьаҭа амамкәа иргылан

© МЧС РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожар в торговом центре «Зимняя вишня» в Кемерово
Пожар в торговом центре «Зимняя вишня» в Кемерово - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кемеровтәи ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" ахыбра закәан шьаҭа амамкәа иргылан ҳәа шьақәнаргылеит аусҭҵааратә еилакы.

АҞӘА, хәажәкыра 30— Sputnik. Иблыз, Кемеровтәи ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" ахыбра хаԥышәала иргылан ҳәа шьақәнаргылеит аусҭҵааратә еилакы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы асаит адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Цветы у ТЦ «Зимняя вишня» в Кемерово - Sputnik Аҧсны
"Зимняя вишня" ахатәтәҩы-еилахәыра адиректор даанкылоуп

Аусҭҵааҩцәа дааныркылеит аргыларатә хылаԥшра аобластә инспекциа аиҳабы Танзилиа Комкова. Агәҩара ыҟоуп лнапынҵақәа закәанҵаҵӷәыда лхы иалырхәон ҳәа.

"Иҟоу агәаанагарла лара, зыргылара ҟамлоз ахәаахәҭратә центр ахыбра аусура аларгара ԥылымкит. Ишахәҭаз еиԥш иргыламыз ахыбраҿ амцакра аԥсыҭбарақәа ацны имҩаԥыси", — ҳәа аҳәоит асаит аҿы.

Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит "Зимняя вишня" ахатәтәҩы-еилахәыра адиректор Иулиа Богданова амцакра ашәарҭадара аганахь ала изныкымкәа аусуҩцәа рҟынтәи адыррақәа лоухьан ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла аусҭҵааратә еилакы ахаҭарнак Светлана Петренко лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иахьа даанкылоуп Иулиа Богданова, Кемерово илыз ахәаахәҭратә-центр "Зимняя вишня" ахатәтәҩы-еилахәыра адиректор хада", — ҳәа лыҩуеит Telegram-аккаунт аҟны Урыстәыла аусҭҵааратә еилакы ахаҭарнак Светлана Петренко

Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны амцакра ҟалеит хәажәкыра 25 рзы.

Иҭахеит 64-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0