Агрба: Москва атәым бызшәақәа рышкол аҟны аԥсшәа дҳарҵоит
"Еиуеиԥшым абызшәақәа рышкол шықәсык аԥхьа Москва ианааҳартуаз, ҳгәы иҭаҳкит ҳхатәы бызшәа аԥсшәагьы акурсқәа ҟаҳҵарц. Ҩымз-хымз аҭаххеит арҵаҩы иԥшаара. Ҳарҵаҩы илдыруеит англызи аԥсшәеи. Иаҳҭахуп иҿыцу аметодқәа рыла аҵара мҩаԥысларц.Иахьазы иҳамоу ашәҟәқәеи англыз бызшәа азнагашьа аметоди ҳасаб рзуны аԥсшәа дырҵара аҟны ҳхы иаҳархәоит. Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахадара ацхыраара ҳарҭеит ас еиԥш абызшәа арҵара шыҟоу ҳмилаҭ Урыстәыла аҳҭнықалақь инхо ирдырырц", — иҳәеит Агрба.
Иара иазгәеиҭеит аԥсуаа рнаҩсгьы акурсқәа рахь ишныҟәо аурысцәагьы.