00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа каратистцәа ахьтәы медалқәа 13 Аԥсны иазааргеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаТурнир по косики каратэ в Сухуме
Турнир по косики каратэ в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь аҿы хәажәкыра 31 инаркны мшаԥы 1 аҟынӡа имҩаԥысуаз косики карате азы аицлабрақәа рҟынтәи аԥсуа каратистцәа ахьтәы медалқәа 13 Аԥсны иазааргеит.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шәача ақалақь аҿы хәажәкыра 31 инаркны мшаԥы 1 аҟынӡа имҩаԥысуаз косики карате азы аицлабрақәа рҟынтәи аԥсуа каратистцәа ахьтәы медалқәа 13 Аԥсны иазааргеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит косики карате Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Абхазии Демис Адлеиба.

"18-ҩык ҳаспортсменцәа рылахәын Шәача ақалақь аҿы хәажәкыра 31 инаркны мшаԥы 1 аҟынӡа имҩаԥысуаз косики карате азы аицлабрақәа. Иааидкыланы ҳаспортсменцәа 31 медал ранашьахеит. Урҭ рҟынтәи 13 хьтәы медалуп, 7 разны медалуп, 11 аџьаз иалху медалуп. Ариаҟара медал зҳауз, иҟан аспортсменцәа ҩба-хԥа дисциплина рҿы иқәгылоз. Убас, Самир Хәарцкиа дықәгылон адисциплинақәа катеи кумитеи рҟны. Рыҩбагьы рҿы аиааира игеит", — иҳәеит иара.

Адлеиба даара игәы рызҭаны дрыхцәажәеит егьырҭ аспортсменцәагьы.

"Еиуеиԥшым акатегориақәа рҿы аиааира ргеит: Сандро Киут, Нарҭ Арсалиа, Софиа Аҩӡыԥҳа, Сариа Хәпориаԥҳа", — иҳәеит иара.

Демис Адлеиба иҳәеит Аԥснытәи аспортсменцәа рыҽшазыҟарҵо косики карате азы Азиа Ахраҿаҿ ақәгылара. Иара мҩаԥысуеит лаҵарамза 12 рзы, Барнаул.

Ажәабжьқәа зегьы
0