00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гарцкиа: 2017 шықәсазтәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәын

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа 2017 шықәсазтәи атуристтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит 2017 шықәсазтәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәын ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа 2017 шықәсазтәи атуристтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит 2017 шықәсазтәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәын, 2017 шықәса рзы Аԥсны иаҭааз рхыԥхьаӡара 800 000-ҩык ракәын иҟаз ҳәа.

Видео-мост Москва-Сухум на тему Влияние внедрения курортного сбора в России на количество туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ахба: сынтәатәи акурортә сезон зхыбгалаз амзызқәа рацәоуп

Урҭ рҟынтәи 350 000-ҩык Аԥсны мышкы ҳәа иаҭааит.

2016 шықәса рзы ареспублика иаҭааит миллионки 300 нызқьҩык. Урҭ рҟынтәи 600 нызқьҩык мышкы ҳәа ареспублика иаҭааит иҳәеит Гарцкиа.

Иара убри аан аминистр иажәақәа рыла ахатә сектор аҿы зыԥсы зшьо рхыԥхьаӡара џьаргьы иҭарыҩуам, иагьышьақәыргылам.

Иахьатәи аамҭазы ареспубликаҿы асанатор-курорттә уснагӡатә рнапы алакуп 360 обиект. Урҭ рҟынтәи 80 обиект 2017 шықәса рзы ирҭааит 103 000-ҩык аԥсшьаҩцәа.

Асасааирҭа маҷқәа рхыԥхьаӡара 279 рҟынӡа инаӡоит. Иааидкыланы урҭ аамҭак ала ирыдыркылар ауеит 7 000-ҩык аԥсшьаҩцәа.

Гарцкиа иажәақәа рыла аекскурсиатә усура рнапы алакуп 45 туристтә фирма. Ииасыз ашықәс азы дара рымаҵ руит 186 000-ҩык аԥсшьаҩцәа, 2016 шықәса рзы рымаҵ руит 253 000-ҩык аԥсшьаҩцәа.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаиуз ахашәала 2017 шықәса рзы ишартәаз 127 миллион мааҭ, 2016 шықәса рзы иартәеит 204 миллион мааҭ ҳәа.

Убас ауп ишыҟоу Афон ҿыцтәи аҳаԥаҿгьы аҭагылазаашьа. 2017 шықәса рзы аҳаԥы иаҭааит 327 000-ҩык, 2016 шықәса рзы – 392 000-ҩык. Ироуз ахашәалагьы 165 миллион мааҭи 197 миллион мааҭи ҳәа еиҿыԥшуеит.

Аминистр иажәақәа рыла абри мзызс иамоу аҳауатә ҭагылазаашьа, Москватәи атурист ишьра, Пицунда аҳаирплан маҷ акаҳара, аџьаԥҳаныҵәахырҭаҿ аԥжәара уҳәа роуп.

Иара убасгьы атурист сезон аиԥҟьара анырра арҭеит Ҭырқәтәылеи Египети урыстәылатәи атуристцәа рзы раартра.

Ажәабжьқәа зегьы
0