Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Пасхалов: Калдахәаратәи ашкол-интернат аҭагылазаашьа бзиақәа амоуп

Анапаҵаҩра
Аҵарадырра аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни", Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспореи рыбзоурала, Аԥсны иҟоу ашкол интернатқәа цәамаҭәала еиқәыршәоуп. Ари даара акыр зҵазкуа, их әарҭоу маҭәахәуп, иҳәеит Калдахәаратәи ашкол интернат аиҳабы Дмитри Пасхалов арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа ҭелла данлыҿцәажәоз.
Пасхалов: акыр зҵазкуа амаҭәахә ҳауит

"Ари акыраамҭа иузхо маҭәаруп, акыр шықәсқәа иҳахоит. Аҳәынҭқарра аганхьалагьы акыр ацхыраара ҳауеит. Амашьына ҿыц ҳарҭеит, ҳҳы иаҳархәоит,  зхы бзианы иаазырԥшуа, аҵараҿы, аспорт аҿы зҽалызкаауа ахәыҷқәа ақалақь аҿы имҩапысуа акультуратә хҭысқәа рахь иаагоит. Аҵара зҵар зҭаху изы Калдахәаратәи ашкол-интернат аҭагылазаашьа бзиақәа амоуп. Аспортзал бзиоуп, ахәыҷкәа рыцәырҭа ҭыԥ бзиоуп, аӡын аамҭазы иԥхарроуп. Ак ааҟаларгьы иаразнак ишьақәҳаргылоит", — иҳәеит Пасхалов арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0