Ҭарба: сынтәа хәыда-ԥсада адгьылқәа рзыцәаӷәом

© Sputnik / Томас ТхайцукВспашка земель в селе Багмаран
Вспашка земель в селе Багмаран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит сынтәа анхацәа рзы хәыда-ԥсада адгьылқәа рыцәаӷәара шазыԥхьагәаҭам.

АҞӘА, мшаԥы 4– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит сынтәа анхацәа рзы хәыда-ԥсада адгьылқәа рыцәаӷәара шазыԥхьагәаҭам.

Уи зыхҟьаз ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет аркьаҿроуп.

"Ҳәарада анхацәа рзы асеиԥш иҟоу акциа амҩаԥгара ҳҭахуп, аха алшара ҳамам. Ибзианы иаадыруеит анхацәа рзы уи шыцхыраара дух. Сынтәа ҳара иалкааны иазыԥхьагәаҳҭаз иҭахаз рҭаацәарақәа, ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа рыцхраароуп. Иҳамоу атехникагьы акыр иқәсхьеит, ауадаҩрақәа ацуп", — иҳәеит Ҭарба.

Даур Ҭарба иажәақәа рыла атехника лассы-лассы иԥҽуеит.

"Ҵыԥх атәыла Ахада ихьӡала ашәҟәы ааҩит анхацәа рзыцәаӷәара амҩаԥгаразы. Ацхыраара шҳаузҵәҟьа аус нап алаҳкит. Ишаҳҭахыз зегь ҳзеиҿымкаазаргьы 3 нызқьи 40 гектар адгьыл ҳцәаӷәеит", — иҳәеит аминистр.

Ацәаӷәара адагьы араионқәа абылтәы ала ацхыраара рыҭан.

"Аԥсны Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи абри аус азы хә-миллионки бжаки аԥара ахшәаан", — иҳәеит иара.

Даур Ҭарба иҳәеит Урыстәылантәи ақыҭанхамҩатә техника ҿыц ишазыԥшу.

Ажәабжьқәа зегьы
0