АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз далацәажәеит ареспубликаҿы амҩатә ԥҟаррақәа еилазго рахьырхәрақәа еиҳа ишдыруадаҩуа атәы.
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы иаанкылан автомашьынала амҩатә ҭагылазаашьа ашәарҭара иҭазыргылоз хәҩык ҳтәылауаа иҳәеит иара.
"Авариатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵон, арццакра арежим анормақәа ирхысуан. Аҟәеи ареспубликатә мҩадуи рҟны иқәыргылаз авидеохылаԥшыгақәа рыла ишьақәҳаргылеит арҭ ауаа", — иҳәеит Агрба.
Аԥҟаррақәа реилагаҩцәа равтомашьынақәа аштраф-гыларҭахь инагоуп.
"Амашьына аԥсҟы зкыз рганахь ала административтә усқәа хацыркуп. Иахьазы, аҟәа ақалақь аҿы уахынла амҩаҿ ашәарҭара аԥҵо аныҟәарақәа мҩаԥыргоит. Есыҽны амҩақәа рахь икылсуеит амҩа-хылаԥшратә маҵзурақәа аԥҟарра аилагаҩцәа раанкыларазы", — иҳәоит иара.
Аԥҟаррақәа еилазго реиҳараҩык 20-25 шықәса рхыҵуеит.
"Амҩаҿ амашәыр ианиар алшоит егьырҭ аныҟәаҩцәагьы. Ҳара арҭ аумҭақәа ишалшо ала иаԥҳарҟәҟәаалоит, атранспорттә хархәагақәа рымаҳхлоит, аҭакԥхықәра рыдаҳҵалоит, шықәсыбжак рҟынӡа арныҟәараз азин рымхрагьы абрахь иналаҵаны" — иҳәеит Баҭал Агрба.
Амҩатә ныҟәара аԥҟаррақәа реилагаҩцәа раарԥшразы аусурақәа аҳҭнықалақь аиԥш ареспублика егьырҭ амҩадуқәа рҿгьы имҩаԥыргоит аҳәынавтоинспекциаа.
"Аиҳаракгьы азхьаԥшра раҳҭоит арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зку. Ииасыз ашықәс иадкылан уахәаԥшуазар усеиԥш зхы мҩаԥызго рхыԥхьаӡара еиҳахеит. Аԥхынтәи асезонгьы ааигәахеит. Амҩаҿ автомашьынақәа еиҳа ирацәахоит. Ҳус ҳарӷәӷәароуп" — иҳәеит иара.
Баҭал Агрба 19-20-шықәса зхыҵуа аҿар рҭаацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит рыхшара рхымҩаԥгашьа иахылаԥшларц.