Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа: ахараԥса "бжақәа" хра рымоуп

© Sputnik / Илона ХварцкияРейд ГАИ
Рейд ГАИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара "Оперативла ршәараан административтә хараԥсақәа рхышәа-ҵышәа аиҵатәра" иазыԥхьагәанаҭоит амҩатә ԥҟаррақәа реилагараз аҟәада 50% аиҵатәра, иара хәымш рыҩныҵҟа иршәозар.

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ақәҵара амч аиуит 2018 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа административтә еилагарақәа равтовидеои равтогәаҭареи рхылаԥшреи аус рыдулареи рыҟәша аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

"Ахараԥса 50% рыла ашәара рхы иадырхәеит 63% аԥҟаррақәа еилазгаз", — иҳәеит Дамеи Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит ареспубликатә трассаҿы аԥыԥшырҭақәа: Бзыԥ, Приморское, Маҷара авидеорбагақәа шықәгыло.

"ААИ аԥыԥшырҭақәа рҿы иқәгыло асистемақәа иалдыршоит ареспубликатә трасса еиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа рҿы амҩатә еилагарақәа рбара. Аԥҟарра еилазгаз автомашьына аанкыланы ақәҵара рнапы иадыркуеит", — иҳәеит иара.

Аҩӡба иажәақәа рыла аԥҟарра аилагаҩ ААИ абазаҿ дҭаҩуп иқәу ахараԥса ишәаанӡа. Амашьына зтәу иуал ишәар алшоит аԥыԥшырҭақәа ААИ рҿы иргылоу атерминал ҷыдақәа рҿы.

Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара "Оперативла ршәараан административтә хараԥсақәа рхышәа-ҵышәа аиҵатәра" амчра аниу инаркны административтә еилагарақәа рзы 419 қәҵара рыхәԥса шәоуп хәымш рыҩныҵҟа. Ашәарақәа идыртәоит 321 300 мааҭ аԥара. Иарбоу аилагарақәа шьақәыргылан авидео-фиксациаа системақәа рыцхыраарала", — иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа еиҿкаан 1936 шықәсазы - Sputnik Аҧсны
Арсалиа аҳәынҭавтоинспекциа иазкны: аусуҩцәа ҳазхаӡом

Хәажәкырамзазы 656 штраф ирыхшәаан 733 700 мааҭ. Ахараԥса ахәԥса 50% рыла аиҵатәра иаҵанакуеит амҩатә ԥҟаррақәа реилагара зегьы.

Дамеи Аҩӡба иҳәеит 2018 шықәса рыҩныҵҟа ишышьақәыргыло 5 407 еилагара.

Иара иҳәеит ахараԥса ашәара асистема ҿыц амашьына аԥсҟы зку ибзиоуп ҳәа шахырҳәаауа.

Аҩӡба иазгәеиҭеит авидео-фиксациа асистема хра аманы ишыҟоу. Есымзатәи анализ иунарбоит аилагарақәа еиҳа ишеиҵахаз, иҳәеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0