Ладариа: Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵо абызшәа проблема гәцаракны ирымоуп
"Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә институт аҿы аҵара зҵо аԥсуа студентцәа Аԥсны ихадоу зҵаараны иалыркаауеит абызшәа адырра апроблема. Сара схаҭагьы ихьысҳан издыруеит абызшәа, аха сымцәажәалар, иаҳагьы исцәыуадаҩхоит. Убри аҟнытә, абызшәа ҳхы иаҳархәалар, иарала ҳцәажәалар, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхоит, ус еиԥш агәаанагара рымоуп Москва аҵара зҵо аԥсуа студентцәагьы. Аурыс бызшәа уи жәларбжьратәи бызшәоуп, уигьы дыртәуп, аха ихадоу ҳхатәы бызшәа, ҳмилаҭтә бызшәа ауп", — иҳәеит Ладариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.