Ачузба: ҳаирпланла ажәҩан санало, аԥсуа жәлар зегьы убра иҟазшәа збоит

© Фото : из личного архива Зульфи АчузбаЗульфи Ачузба
Зульфи Ачузба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьчара анаҭахха аамҭазы Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Зульфи Ачузба иахьа уажәраанӡагьы ара дынхоит, насыԥ змоу ҳәа ихы иԥхьаӡоит. Иара дхәыҷы аахыс бзиа иибоз азанааҭ азы адыррақәа ирҳаит иԥсадгьыл аҿы, илахьынҵа ицныҟәеит ҳәа агәаанагара имоуп. Зульфи Ачузба иҭоурых Сырма Ашәԥҳа лынҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

Ҭырқәтәыла, Бурса ақалақь иаҵанакуа Енегиоль инхоз ҳџьынџьуаҩ Зульфи Ачузба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы, иҩызцәа гәыԥҩык дрыцны дааит иԥсадгьыл ахьчара. Уижьҭеи дынхоит иџьынџь аҿы. Дҭаацәароуп, ԥшьҩык аҭыԥҳацәа драбуп.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит ҳәа шҳаҳаз еиԥш, арахь ҳазлаара ҳашьҭалеит. Аԥсныдгьыл абылра иаҿын, излаҳалшоз ала ҳашьцәа ҳрыдгылар акәын. Урыстәыланӡа ҳанаа, ҳаиҳабацәа аӷба ҳақәыртәаны Гәдауҭанӡа ҳааргеит, уахынлан", — дцәажәон Зульфи Ачузба.

Насгьы ибзианы игәалашәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба раԥхьа днаргыланы, аԥсуа жәлар зегьы шаҟа гәыблыла ирԥылаз.

"Раԥхьа ҳанаа, ажәылара ҳрышьҭӡомызт, ак ҳахьыр ҳәа ишәон. Убас иҳахӡыӡаауан Ҭырқәтәылантәи иааз аҷкәынцәа", — ҳәа азгәеиҭоит Зульфи.

Метин Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡба: иҳагу-иҳабзоу ҳала ихыибамыкшалакәа, бзиа ҳаибабаны ҳаицынхароуп

Зульфи иани иаби ирааӡеит ԥшьҩык арԥарцәа. Хымԥада, урҭ рыҩнаҭаҿы ираҳауан Аԥсадгьыл аӡбахә, рхатәы бызшәа-аԥсшәа.

"Сара Аԥсныҟа санаа, аҷҷаҳәа аԥсышәала сцәажәон ҳәа сызшәаҳәом, аха еилыскаауан. Уажәы сазгәыдуны исҳәоит схатәы бызшәа шыздыруа. Ауаҩы идгьыл абызшәа идыруазароуп", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ишдыру еиԥш, аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаара мариаӡамызт. Иҟоуп, изыхҟьазаалакгьы шьҭахьҟа ихынҳәқәаз ҳџьынџьуаа. Зульфи иҩызцәа гәыԥҩык реиԥш илшеит иԥсадгьыл аҿы анхара, ара аҭаацәара аԥҵара.

"Аҳәынҭқарра ус ирласны ашьапы изықәгылаӡом. Ачҳара, аизыӡырҩра, аусура аҭахуп. Хымԥада, ҳажәлар аԥеиԥш бзиа рымазароуп. Маҷҩы рыԥсы ахҭнырҵама ҳиааира. Уи бзианы еилаҳкаауазар ҳара", — дцәажәон Зульфи.

Зульфи дхәыҷы аахыс бзиа ибон аԥырҩы изаанаҭ. Уи еиҳагьы дадиԥхьалон иара иаб.

"Схәыҷаахыс саб агәыбылра сиркуан, "удухар уԥырҩхар сҭахуп", —  иҳәон. Ҭырқәтәыла ус еиԥш азанааҭ аиуразы иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара даара иуадаҩуп. Аха, ара сахьааиз слахьынҵа сыцныҟәеит", — ҳәа азгәеиҭоит аԥырҩы.

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Зульфи гәыблыла игәалаиршәоит, иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Бабышьратәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҳабы, усҟантәи аамҭазы Аԥсны арра-ҳаиртә мчқәа романдаҟаҵаҩыс иҟаз Виачеслав Ешба даара патула дышизныҟәаз, бзиа иибоз азанааҭ аҟны адгылара шииҭаз.

"Авиациа аганахь ала аинтерес умазар ҳудгылоит, иуҳарҵоит иҳәеит", — Ешба. "Уи аҩыза ансаҳа, даара сгәырӷьеит, исылшоз ала аҵара салагеит аибашьра анцоз аамҭазы", — иҳәоит аԥырҩы.

Аибашьра ашьҭахь, Зульфи аҭагылазаашьа бзиа иман иԥышәа аизырҳаразы, аҵарадырра аиуразы.

"Раԥхьа аҳаирплан сақәтәан аԥырҩы-аоператор иаҳасаб ала. Анаҩс, Аԥсны атәылахьчара аминистрра Урыстәылаҟа срышьҭит аҵаразы. Аҵара салгеит, адиплом соуит. Схынҳәны санааи, Виачеслав Ешба ибзоурала, аибашьыгатә ҳаирплан МИ 24 ала аҵара нап аҳаркит, аусура салагеит", — ҳәа азгәеиҭоит Ачузба.

Аԥырҩы, хымԥада иҿаԥхьа иқәгылоу адҵа наигӡароуп. Уи аҩыза аԥҟарақәа ирыцәхьаҵуамызт Зульфи иҩызцәеи иареи. 2008 шықәса рзы, Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәра далахәын. Август 12 рзы, Урыстәылатәи арратә техника ҵәахуа, МИ 24 ала Егры аҳәааҟынӡа днаӡеит, амза 13 рзы, Урыстәылатәи аҳаирпланқәа ҩбеи, МИ 24-еи Зульфи зыштурвал аҿы дыҟаз, командаҟаҵаҩыс аҭыԥантәи арԥыс Едуард Попоев дицны, Қырҭтәыла иаҵанакуа Сенакинӡа иԥрит аԥсуа бираҟ иманы. Дара лаҟәны иԥыруан, икарыжьыргьы ҟалон ҳаӷацәа, аха разҟны еиқәхеит.

Мунир Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Мунир Кәыџба: иахьа ҳаԥсадгьыыл аҿы ҳгәы каршәны ҳанхоит-ҳанҵуеит

"Сара саныԥыруа, сгәы иахәоит. Ҳаирпланла ажәҩан саналало, схала сыҟамшәа збоит, аԥсуа жәлар зегьы убра исыцушәа сзааиуеит", — дцәажәон аԥырҩы.

Зульфи иахьа аподполковник, аԥырҩы-аоператор ԥхьатәа ҳәа ахьӡ имоуп.

Зульфи Ачузба, насыԥ сымоуп ҳәа ихы иԥхьаӡоит адахьынхо иԥсадгьыл аҿы. Анасыԥ шыҟоугьы агәра игоит.

"Аибашьра аамҭазы дызбалон лара. Аибашьра ашьҭахь, ҳанасыԥқәа еилаҳҵеит сыԥшәмеи сареи. Бабышьра ачара ҳуит. Ԥшьҩык аҭыԥҳацәа сымоуп. Схы сгәы сақәгәырӷьо сынхоит Аԥсны", — ҳәа азгәеиҭоит Ачузба.

Зульфи иԥҳа аиҳабы Амина, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҳәаанырцәтәи аҟәшаҿы аҵара лҵоит, хҩык макьана абжьаратә школ иҭоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп ҩыџьа еициқәазгьы. Абасала, Ачузбақәа рҭаацәа, рхы-ргәы иақәгәырӷьо инхоит рыԥсадгьыл аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0