Мунир Кәыџба: иахьа ҳаԥсадгьыыл аҿы ҳгәы каршәны ҳанхоит-ҳанҵуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаМунир Кәыџба
Мунир Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара иааз Мунир Кәыџба Аԥсныҟа ихынҳәра шыҟалази игәҭахәыцрақәеи ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Акыр шықәса раԥхьа Сириантәи Аԥсныҟа даахьан Мунир Кәыџба. Сириа излагаз аибашьра ҳаанамцакәа ҳаар бзиагәышьан, аха ус ҳақәшәеит, иҳәеит иара.

"Ҳәыҷи-дуи иаақәаз ҳрацәаҩуп. Уажәшьҭа ԥшьышықәса ирықәуп сыԥсадгьыл аҿы сынхоижьҭеи. Сириа инхо аԥсуаа хыԥхьаӡарала иаҳгозар еиҳа имаҷуп адыгақәа раасҭа. Ҳабызшәа ҳхашҭуа ҳалагеит, аҿар зцәажәом, гәыхьс иҳамоуп", — ҳәа иҳеит Мунир. 

Дамаск ақалақьи, уи иадҳәалоу аҭыԥқәеи рҟны еиҿкааны иҟан Кавказ ажәларқәа рхеидкылақәа, иара убас адыга бызшәа ахьыддырҵоз ашколқәа. Куцеиа араион аҟны акәын иахьыҟаз "Адыга-Хасе" ахеилак ду. Уи еиҿкаан 1948 шықәса азы. Дамаск инацәыхарамкәа иҟоу Голлантәи аҳаракырақәа рҿы 1967 шықәсанӡа инхоз аԥсуаа акыр ирацәан.

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Аԥсуа қыҭа иахьӡын Мумсиа. Усҟан, Израили Сириеи реибашьра иахҟьаны, аԥсуаа рыхәҭак ақалақь ахь илбаар акәхеит. Рыбжеиҳараҩык ахьагаз, иарбан тәылақәоу изықәнагалаз иахьагьы еилкаам.

"Ҳара акырынтә амҳаџьырра ҳақәшәеит. Сириа инанагаз ҳаиҳабацәа, аԥсҭазаара акыр икыднаҟьеит. Сириа инхо Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа зегьы адыга бызшәала ҳцәажәоит. Сара санду сылхаануп, издыруа саԥсшәа лара лоуп изҿысҵааз. Аԥсны сыҟоижьҭеи хымԥада саԥсшәа еиҳа еиӷьхеит. Сара саб иан д-Леиԥҳан, сан д-Аӡынԥҳан", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыџба. 

Сириа акыр шықәса ар далан. Аԥсны игәы раҳаҭны дыҟоуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус иуеит. Астудентцәа араб бызшәа иаирԥхьоит, аматематика иазку акафедраҟны иидыруа амаҭәар ыҟоуп, уи ахырхарҭалагьы астудентцәа аҵара дирҵоит. Аҿар дахьрылоу даара игәы еизҳауеит.

"Аиаша шәасҳәоит, аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл рхы-ргәы ишҭоу. Уи сара исхызгахьоу ауп. Уара узхылҵыз, узмилаҭу, узхылҵшьҭроу, насгьы ухатәы ԥсадгьыл анумоу, уи еиҳау иарбан мчу иҟоу?! Атәым тәылақәа рҿы инхо аԥсуаа, еиҳаракгьы аҿар, аҵара рхы азкыдло иалагеит аҵыхәтәантәи аамҭазы", ҳәа ациҵеит Мунир Кәыџба.

"Нас ақалақь дуқәа рахь иагоит аусура ҳәа. Уажәы ишыжәдыруа еиԥш, аиҭанаиааирақәа еиҳа еиӷьхеит. Алшара змоу даауеит, инхарц зҭаху дынхоит. Ус иҟазма аамҭақәа? Аԥсныҟа раԥхьа ҳаара иадҳәалаз ауадаҩрақәа бзианы исгәалашәоит. Урҭқәа, Анцәа иџьшьаны шьҭахьҟа иаанхеит".

Еқрем Хышба - Sputnik Аҧсны
Еқрем Хышба: Анцәа иџьысшьоит саԥсыуаны сахьишаз

Аимадара ишьҭнахуа азҵаарақәа шьардоуп. Ауаҩы ҭыԥк аҟынтә дыхҵәаны егьи аҭыԥ ахь ииасра уадаҩуп. Аха, акала иалагатәыми? Ахаҳә ахьышьҭоу еиҭаумгар, уа иахьышьҭоу иаанхоит. Анхара-анҵыра, аусура иадҳәалоу азҵаарақәа ҭҵаатәуп, абызшәа амдырра ицәырнаго аԥынгылақәагьы ыҟоуп.

"Доусы изанааҭ ала аус иур, ҳаԥсадгьылгьы иахәоит, иаргьы ихы аланыҟәигоит. Аԥсуаа ҳара иҷыдоу аҟазшьа ҳалоуп, ҳаззуклакгьы иаҳзыҟамҵо ус ыҟаӡам, ҳмаашьароуп. Ҳҿар аҵара дҳарҵароуп, сахьныҟәақәо избо ахәыҷқәа шаҟа иԥшӡоузеи, урҭ рааӡара ибзианы ҳақәшәар, нас ҳзыцәшәо иҟоузеи?", — ҳәа иҳәеит Мунир.

Ҵара-дыррала ҳаӷәӷәазароуп. Нас иаҳиааиуа мчы ҟалаӡом. Атәым џьара абриаҟара шықәса ҳшынхозгьы, ҳмилаҭтә хдырра, ҳҵас, ҳқьабз аиқәырхара ҳашьҭан. Ҳабызшәа ахьыӡуаз цәгьа ҳгәы ҳнархьуан. Ҳара ҳабиԥара издыруа ыҟазаргьы, иҳаҵагыло ирыздыруам. Уи арҽеира ҳақәшәароуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҵгылара рынаҭеит, рыбзазара бзиоуп. Кәыџаа рҭаацәа Аԥсны ибзианы ирдыруеит. Мунир иашьа Аҳмеҭ, зыхьӡ нагаз ҳақьымын, иԥсҭазаара далҵхьагәышьеит. Иԥа руаӡәк ара дыҟоуп, егьи Америка дыҟоуп, аус иуеит. Егьи иашьа Амир, акыр шықәса раахыижьҭеи ара дынхоит, дҭаацәароуп. Абасала, иахьа рыԥсадгьыыл аҿы ргәы каршәны инхоит-инҵуеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0