Лавров Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рзы азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев аинтервиу иҭо далацәажәеит Шьамтәыла ахимиатә жәылара ыҟан ҳәа игәараҵаз ажәабжьи, уи инамаданы ЕАШ иҟанаҵаз аракетатә жәылареи, "Скрипальраа руси" иара убасгьы Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аибашьра шыҟамло атәы дрылацәажәеит.

— Шәара ишәҳәон, уажәы англызцәа ирымоу highly likely акәымкәа, высшьа змам аршаҳаҭгақәа Урыстәыла иамоуп ҳәа Дума ахимиатә жәылара аинсценировка шазуз азы. Уи аинсцинировка акәзар имҩаԥызгаз атәыла ахьӡ иҳәеит Конашенков. Зыхьӡ иҳәазгьы Британиа Ду ауп. Британиа иаҿагылар зылшоны иҟоу иарбан ршаҳаҭгақәоу ҳара ицәыраагар ҳалшо?

— Аршаҳаҭгақәа азхаратәы иҟоуп. Раԥхьа иргыланы аӡбахә уҳәар ҟалоит америкаа, франциаа, британиаа аракетатә жәылара зхацдыркыз авидео. Уи адагьы дара ишьақәдырӷәӷәон аракетақәа заадырхоз ахимиатә бџьар ахьыҟарҵо аобиектқәеи иахьыҵәахыз аскладқәеи роуп ҳәа. Аха, дарбанызаалак еиликаар алшоит ахимиатә бџьар ахьыҟоу удыруаны, уи аракета ма абомба ааурхозар, иҟауҵо иаанаго уи ааигәа-сигәа инхо зегьы рзы агуманитартә рыцҳара ауроуп.

Авидео аҟны ибзианы иубарҭоуп иарбанызаалак ҽыхьчага маҭәа зшәым ауаа хәыҷқәак, дуцәақәак аӡы шрықәырҭәо. Ҳара ҳаруаа Мрагыларатәи Гута абри ахәҭа ахы ианақәиҭыртә ирыԥшааит абри агоспиталь аҟны аус зуаз ҩыџьа аҳақьымцәа. Урҭ аҳақьымцәа еиҭарҳәеит идырым џьоукы ахәышәтәырҭа ишыҩналаз "Ахимиатә жәылара, ахимиатә жәылара. Зегьы аӡы шәықәышәҭәа" ҳәа иҳәҳәо. Арҭ аҳақьымцәа рхы-рҿы рҵәахуамызт. Иаартны иҟаз шыҟаз ирҳәон, рыхьыӡқәа рҳәон.

Следственные мероприятие в Солсбери - Sputnik Аҧсны
"Большая семерка" Британиа иадгылоит

Ааигәа Euronews сахәаԥшуан. Уаҟа даҳдырбон ԥҳәыск. Уи лхаҿы, лцәеижь зегьы хҩан, лылақәа заҵәык ракәын иааԥшуаз. Лыхьӡ лымҳәеит, лыжәла лымҳәеит. Ҩыџьа аҷкәынцәа рнапы лкын, сара истәқәоуп ҳәа лҳәон. Еиҭалҳәон урҭ рхы рыхьуа ишалагаз, иҽеимыз фыҩқәак шраҳауаз. Ларгьы данфҩышәа идырмыз фҩык шылҿасыз, лхаҵа урҭ аҷкәынцәа аҳақьым иахь ишигаз.

Иаразнакы ухаҿы иааиуеит зҵаарак: уи аҳақьым дуԥшаар ҟамлаӡои, уиҿцәажәар амуӡои, иара лара аԥҳәысгьы дызусҭоу аилкаара амуӡои ҳәа. Ажәакала ҳара иаабо иарбанызаалак аинформациа инагӡаны иҭҵаалатәуп, анализ азулатәуп.

Уи адагьы ааигәа, Атәылахьчара аминистрра, Дума ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь ишырыԥшааз ахимиатә маҭәашьар асклад. Уаҟа ирбеит Германиа иҭрыжьыз ахимиатә маҭәашьар. Уи амацара адагьы ирбеит Солсбери ақалақь Портон-Даун аҿы иҭрыжьуа ахимиатә маҭәашьар.

Уажәы уи амаҭәашьар анализ азыруеит азанаҭуаа. Абарҭ зегьы рыдагьы авидео аҿы иҭыхыз аинсцинировка ҭызхыз "Акаска шкәакәақәа роуп". Уи аӡәгьы иӡом, мапгьы ацәикуам.

"Акаска шкәакәақәа" ракәзар зегьы еицырдыруеит абоевикцәа иара убасгьы атеррористтә гәыԥқәа "Джебхат ан-Нусра" ахьыҟоу аҵакырақәа рҿы шакәу аус ахьыруа. Шықәсык аԥхьа дара рнапы алакын Хан-Шеихун иеиҿкааз аправокациа. Уи адагьы имаӡоу акакәны иҟам дара русура аԥара шазоурыжьуа Британиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Мраҭашәаратәи егьырҭ атәылақәак.

Абри зегьы ҳара инарҵауланы иӡыраагеит ООН Ашәарҭадаратә хеилаки, анагӡаратә хеилаки рҿаԥхьа. Аха аҭакс иҳаҳауа акы заҵәык ауп: Британиа иакәымк ҟанаҵеит ҳәа аҳәара алацәажәарагьы ҟалом, избанзар Британиа усеиԥш ҟаҵашьа амамызт ҳәа.

Сгәыӷуеит зыхшыҩ аҭыԥ аҿы иҟоу ауаа зегьы еилыркаауеит ҳәа афактқәа рӡыргареи урҭ зынӡа рыҟамзаареи шеиԥшым.

— Шьамтәыла иҟоуп ОЗХО аекспертцәа. Урҭ рҟынтәи ииашоу уазыԥшыр алшома? Иҵабыргу ажәахә шәазыԥшума?

— Ажәахә ҵабырг – уи аҵабырг ауп. Ҳара ҳәарада агәҭынчымра ҳнаҭоит ОЗХО аусура аԥынгылақәа аҭараз иҟарҵо аҽазышәарақәа. Ҳара агәра аагоит ОЗХО аҿы аума иара анҭыҵтәи амиссиақәа рҿоума зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку ауаа аус шыруа. Аха ҳара иҟалом ҳәа ҳзазҳәом урҭ ауаа аполитикатә хықәкы ԥаршеиқәа рзы рхы иадырхәарц аҽазышәарақәа анымҩаԥырго аҭагылазаашьақәа рыҟалара. Шьамтәылаҟа инеиз амиссиа ианаамҭаз иахьнеиша аҭыԥ ахь изымнеиӡеит, избанзар аракетатә жәылара хацыркын. Иубаратәы иҟоуп урҭ ауаа ҳазлацәажәоз араион ахь рнеира џьоукы даараӡа ишырҭахымыз.

Уажәы ОЗХО аекспертцәа Дамаск иҟоуп. Мышқәак рышьҭахь Дума араион аҿы ишшәарҭароу шьақәыргыланы, уахь рнеира аус еиҿыркааит. Дара ршәарҭадара аиҿкааразы имҩаԥыргон ООН аусзуҩцәа, ҳарратә полициа.

Дара абри араион аҿы рыҟазаараан аекстремистцәа ахьтәоу ақалақь ахәҭаҟынтәи ахысрақәа ирылагеит. Урҭ ибзианы ирдыруан абри араион ахь инеираны ишыҟаз ОЗХО ахаҭарнакцәа.

Ҳара уажәы иаҳҭахуп абри амиссиа аусура мҩаԥгахарц. Аха убри аан ҳара ҳаруаа ирымԥыхьашәоит зинтерес укыша амаҭәарқәа. Убас, абоевикцәа рнапаҿы иҟоу аҵакыраҿтәи ҩнык ауадаҿ ирбеит аканистра, ахимиатә маҭәашьар– ахлор зҭаз ари аканистра аиарҭа илан. Иара уахь ишнанагаз атәы ҳәа шьҭрак убартәы иҟамызт. Иара ашә ала иҩнаргалан, аиарҭа иларҵеит. Убас шакәугьы ҳара иаҳҭахуп ОЗХО аекспертцәа ахәышәтәырҭа агәаҭара адагьы Европа иҭыжьу ахимиатә маҭәашьар ахьаҳаԥшааз аскладгьы рбарц, иара абри ауадагьы инеины иахәаԥшырц. Уа иубаша акрыҟоуп. Сара сгәыӷуеит апрофессионализмра аԥыжәара агап ҳәа. Ҳара аханатәгьы иаҳҭахын ОЗХО аекспертцәеи мраҭашәаратәи ҳколлегацәеи рыҿцәажәара, аилибакаара.

Сотрудники экстренных служб на месте, где был обнаружен Сергей Скрипаль с дочерью Юлией в Солсбери - Sputnik Аҧсны
Лавров: Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә BZ ауп

Аԥхьа афранцызцәеи америкааи ирҭахын рекспертцәа ОЗХО аекспертцәа ирыцны Дума иҟаз рбарц. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭхеит, шьамтәыла аиҳабырагьы уи мап ацәырымкит, аха абри ашьҭахь аусеицура ацынхәрас аракетатә жәылара мҩаԥган. Ҳара аиашара аԥыжәара агап ҳәа ҳаԥшуп Шьамтәыла аганахь ала аума Солсбери аганахь ала аума. Уаҟагьы макьаназ аҭҵаарақәа ирҿуп.

— Солсбери ҳалацәажәараны ҳаҟоуп. Макьаназ Шьамтәыла атәы ҳҳәап. Шәгәы ишԥаанаго, иҟалома аекспертцәа иакәым џьара ак рыдыргалар маӡала, уи нас анализ азуразы, ак рымҵарԥсар?

— Сгәы иаанагоит аекспертцәа ррепутациа ахә ҳаракны иршьоит ҳәа. Усеиԥш ишабалак урызныҟәар ҟалашам. Иара убри аан ак ҟалом ҳәа аҳәарагьы гәаӷьыуацәоуп, избанзар мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа рметодқәа ацқьара рыгуп. Аӡәы ахара ихараҵарагьы сҭахым аха игәрагарагьы сзадгылом.

— Шәара уаҩык иҳасаб ала, убри аҷкәын хәыҷы – жәеиза шықәса зхыҵуа Хасана Диаб, ахацәа дуқәа аӡы иқәҭәо дшыкҿарцалаз, нас хәшәқәак иҿы иҭаԥсо, дыршәаны дышкыдырцалоз аныжәба шәгәы шԥаҟалеи?

— Станиславски ишиҳәоз еиԥш "Агәра сызгом" ҳәа ҿысҭыр сҭаххеит. Уаҩԥсык иҳасаб ала адуцәа ахәыҷқәа рхы ианадырхәо иҟьышьу акакәны избоит.

— Шәара аусуратә ԥышәа ду шәымоуп. ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҿы ҳтәыла шәахаҭарнакын. Шәхаҿы ишәзаагару Хасан Диаби иаби шаҳаҭцәақәак рыҳасаб ала Ашәарҭадаратә хеилак аҿы иқәгыланы иҟаз шыҟаз еиҭарҳәо? Уи азы Шьамтәыла адипломатиатә паспортқәа аҭахума? Адунеи ауаажәлар ироуру алшара абарҭ ашаҳаҭцәа хадақәа ражәа азыӡырыҩра?

— Усеиԥш иҟалар ишьахәхон. Ҳаргьы уи адгылара аҳҭон, аха раԥхьа иргыланы уи азы аҽазышәара ҟанаҵароуп Шьамтәылатәи ареспублика. Мраҭашәаратәи ҳколлегацәа зны-зынла атәылауаа реилазаара ахаҭарнакцәа рҟынтәи ҳәа ашаҳаҭцәа Ашәарҭадаратә хеилак ахь ианнарыԥхьало ыҟоуп.

— Ажәакала уи аҩыза апрактика аҭыԥ амоуп?

— Ааи. Еиуеиԥшым еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа аарыԥхьалоит ма авидеоцҳақәа еиҿыркаалоит. Ашәарҭадаратә хеилаки ООН-и рхаҭарнакцәа рҟынӡа еиуеиԥшым ахҭысқәа рышаҳаҭцәа ргәаанагарақәа рынагӡараз атехникатә ҭагылазаашьа маншәалақәа ыҟоуп. Ишысҳәаз еиԥш ҷыдала абри ахҭыс аганахь ала ажәадгала ҟазҵаша Шьамтәылоуп. Ҳара иҳалшо уи адгылара аҭароуп.

— Ахәыҷы иаб иҳәеит иахәҭаны иҟалар шаҳаҭра шыруа.

— Уи здыруеит.

— Ус акә егьыс акә, ари аинсцинировка аракетатә жәылара ала ихыркәшахеит. Еиҳа ииашоуп иуҳәар: аракетатә жәылара иахәҭаз аҭак аҭарала ихыркәшахеит. Ианбаиу Урыстәыла аракетатә жәылараз агәҽанҵара? Ҳабанӡазыҟаҵаз аракетатә жәылара аҭак аҭара? Ҳазыхиазма аӷа иӷбақәа рӡаарҟәрылареи иҳаирпланқәа ркажьреи?

— Мраҭашәаратәи "ҳҩызцәа" рыпланқәа рцәаара убартә ианыҟала, Урыстәыла арратә мчқәа рштаб хада аиҳабы Валери Герасимов иҳәеит: урыстәылатәи аруаа ааха рызҭо дарбанызаалак аҭак иҭахоит ҳәа.

Саммит государств – членов Совета Безопасности ООН по ядерному разоружению и нераспространению. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ООН Ашәарҭадаратә Хеилак КНДР аганахь ала асанкциақәа ирықәныҟәоит

Убри аан аракетақәа рыдагьы дара ныҟәызго аобиектқәагьы раанкылара рыҵаркуан арҭ ажәақәа.

Аракетатә жәылара акәзар, иара алшарақәа уажәазы азҵаара рацәа цәырыргоит. Америкатәи ҳколлегацәа ирҳәоит аракетақәа зегьы рхықәкы иазнеиит ҳәа, франциатәи ҳколлегацәа ракәзаргьы, уи ауп ирҳәо. Ҳара ҳаштаб хада акәзар иҳаднагалаз астатистика иаҳәо мап ацәктәны иаабом. Аӡәы 105 ракета рхықәкы иазнеиит ҳәа иҳәозар, ус шакәу шьақәирӷәӷәааит.

—103 ракета ҭырҟьан, 71 кажьын. Трамп иҳәон: аракетақәа зегьы рҭыԥ аҟынӡа инаӡама ҳәа сҵаан "Ааи. Зегь наӡеит" ҳәа сарҳәеит ҳәа. Дыззасдашь аҭел?

— Сара исыздырам Америка апрезидент абасеиԥш аан аҭел дыззасуа. Ҳара ҳапрезидент аӡәгьы изасра иқәшәом, иара иоуп иззасуа абасеиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа. Сара исҭахым Америка ахадара рыҩныҵҟатәи реизыҟазаашьақәа рылацәажәара.

— Шьамтәылаҟа С-300 анагара ҳалагар ауама?

— Атәыла Ахада иҳәеит ушьҭарнахыс ҭакԥхықәра ҳамам ҳәа. Шьамтәыла С-300 шааҳмархәо ҳәа ҳҳәахьан жәабаҟа шықәса раԥхьа, ҳколлегацәа рыҳәарала, дара аҽыхьчара ишазырхогьы, ианҳаҳәа мап ҳамкит. Уажәы, уажәы дара ражәа иацәхьаҵуазар, ҳаргьы иарбанызаалак ҭакԥхықәра ҳадым.

— Америкатәи анапхгара рыҩныҵҟатә усқәа рыҽрылагалара сҭахым шәҳәеит, аха Атәылахьчара аминистрс Меттис иҩызцәа аныҟоу Америкеи Урыстәылеи реиҿанагалара абанӡанеири? Иабанӡашәарҭоу аҭагылазаашьа?

— Атәылахьчара аминистр Меттис иоума Америка арратә мчрақәа рштабқәа реиҳабацәа реилак ахантәаҩы Данфорд иоума ибзианы еилыркаауеит Америкеи Урыстәылеи рырратә еиҿагылара алзыршо аҽацәыхьчара шаҭаху. Сгәы иаанагоит уи ззеилымкаауа аӡә дыҟам ҳәа. Сара шә-процентны агәра згоит арратә еиҿагылара шалыдмыршо Путингьы Трампгьы. Дара рҩыџьагь ажәлар иалырхит. Ажәлар рҭынчреи ршәарҭадареи азы аҭакԥхықәра рыдуп.

— Урыстәыла ахынкылара оумашәа иубартә иҟоуп. Аправокациақәа аки аки еишьҭанеиуеит. Кремль аҿы аҽаӡә дыҟазҭгьы, зегь аҽакала иҟалар алшон. Урыстәыла аҵәы аҵарҵоит, аҵәы аҵарҵоит, иара мап ацәнакуеит ари аҩыза аспортхкы. Аха зны-зынла амц адәныҟатәи аполитика иамыруга хаданы ианыҟалало ыҟоуп. Скабинет аҿы "Россия-24", Би-би-си, CNN срыхәаԥшлоит. "России-24" ала жәеиза шықәса зхыҵуа шьамтәылатәи аҷкәын иҭоурых анаҳдырбо, Би-би-си аракетатә жәылара иашан ҳәа зҳәо апрограммақәа ҳнарбоит. Абасеиԥш аан аимабзиара ҟалашьас иамоузеи?

— Сара аҭагылазаашьа кашыррахоит сҳәом. Сара исҳәо аибарххара лаҟәуа иалагоит ҳәоуп. Ауаҩы шә-метрак, зықь-метра дыҩуазар, маҷ-маҷ имч илымӡаауеи. Иԥсыԥ лагаҩагара уадаҩымхои. Сгәы иаанагоит араҟагь ус акәхоит ҳәа. Аибарххара амч алӡаауа иалагеит. Шәара аиаша шәҳәеит. Аҭагылазаашьа аҭак амҭара ухы ҳаҭыр ақәымҵара акәхоит. Аха убри аан ишабалак ахымҩаԥгара иашам. Ҳапрезидентгьы ус ахымҩаԥгара ихы иаҭәеишьом. Иара еснагь ԥхьаҟа дыԥшуеит, иҭынчра иахырҟьарагьы уадаҩуп. Ирҭахыҵәҟьоу уи ауп аха ирылшом.

Министр иностранных дел России Сергей Лавров, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

— Ааигәа ишеилкаахаз ала Трамп, Путин Аҩны шкәакәахь днеиԥхьеит. Иҟоузеи уи аганахь ала, ианбеиқәшәо, ишԥеиқәшәо?

— Америка ахада ҭелла ицәажәараан ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи инацҵаны цәажәара ыҟам.

— Нас аиԥылара азырхиара иаҿума?

— Мап. Макьаназ мап. Аха усеиԥш ҽырхиарак ҟалар, адырра шәаҳҭоит. Трамп изныкымкәа иҳәахьеит Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа ҭышәныртәалатәуп ҳәа.

— Иара убри аан Маик Пенс аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАШ акосмас аҟны аԥыжәара аиуроуп ҳәа. Урыстәыла уи аҭак шԥанаҭои?

— ЕАШ акыр шықәса ҵуеит абџьар акосмос аҟны аҟазаара мап ацәызкуа аиқәшаҳаҭра аус адулара аҽацәхьанакуеижьҭеи. Акосмос аҟны абџьар аҟазаара акыр ишәарҭоуп. Китаиааи ҳареи абри аҩыза аиқәшаҳаҭра ыҟазарц ажәадгала ҟаҳҵеит. Аус зыдуло апроект рхиоуп. Хәҭаҷцыԥхьаӡа алацәажәара ҳазыхиоуп. Америкаа абри аус аԥдырҟәҟәаауеит.

Маик Пенс иажәақәагьы џьоушьартә иҟаӡам уаанӡа исҳәаз иахьырԥшны. Иџьоушьартә иҟаӡам дара адгьыл аҿоума, амшын аҿоума, аҳауаҿ аума – зехьынџьара аԥыжәара шырҭаху уазхәыцыр. Акызыҵәык уи аԥыжәара акосмос ахь аиагара ауаатәыҩса зегьы рзы акыр ишәарҭоуп.

— Ахимиа атемахь ҳаиасуазар, BZ иадҳәало аҭоурых шәышԥахәаԥшуеи? Ирҳәоит алабораториа аусзуҩцәа рпрофессионализм аилкааразы зыԥхьагәаҭарыла иаларҟьышьит ҳәа.

— Усгьы рҳәоит. Аха ОЗХО ахь ацхыраара иаҳәаз британиаа дара иахьырҳәаз, иахьыддырбаз ауп агәаҭарақәеи аҭҵаарақәеи ахьымҩаԥысуаз.

— Иуҳәар ауеит британиаа рнапы ахьнақәыркыз ҳәа.

— Ааи. Иуҳәар ауеит ОЗХО амедикцәа рхы иақәгәыӷуамызт ҳәа. Урҭ зықәгәыӷуаз британиатәи аҳақьымцәа рыҭҵаарақәа роуп. Дара урҭ ракәзар, рыҭҵаарақәа дырмаӡеит. Уаанӡа Литвиненко иус аан еиԥш. усҟантәи аматериалқәагьы иахьа уажәраанӡа имаӡоуп. Ирзам. Ҳәарада азҵаара рацәа цәырҵуеит. Аха дара "аԥхьа шәара ҳазҵаарақәа рҭак ҟашәҵа" рҳәоит.

Ҳара иаҳҭахуп апрофессионалтә еицәажәара. Ҳара иаҳҭахуп ҳазҵаарақәа рҭак ҟаҵазарц. Иҟалап британиатәи аиҳабыраҿы апрофессионалцәа рыҟалара иазыԥштәызар. Макьаназ цәажәара ҳәа акгьы ыҟам.

США высылают российских дипломатов и закрывают генконсульство в Сиэтле - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи адипломатцәа Вашингтон аанрыжьуеит

—Адунеи амшхәаԥштә аҿы иҟоуп аҽа темакгьы: Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа рсаммит. Апрезидент Трамп иҳәоит хара имгакәа Ким Чен Ыни иареи еиқәшәараны иҟоуп ҳәа. Уажәазы аҭыԥ алырхуеит. Урыстәыла ирыднагалоит иара аҵакыраҿы аиԥылара амҩаԥгара.

— Уи аҩыза сара исмаҳац. Иҟалап уи аӡәы ифантазиа акәны иҟазар. Рыӡбахә ҳәан европатәи тәылақәакгьы, аӡбахә ҳәан Монголиагьы.

— Ҳара ҳазыхиома ҳҵакырадгьыл асаммит амҩаԥгараз рыдгалара?

— Мап. Сгәы иаанагоит абри азҵаараҿ аԥшьгарак адгалара аҭахны иҟам ҳәа. Идыру акоуп асаммит зегь шазыԥшу. Избанзар иара Кореиатәи адгьылбжьаха апроблема аӡбра иацхраауеит. Аибарххарагьы еиҳа иԥсыҽхашт. Ҳгәыӷуеит уи раԥхьатәи шьаҿахап ҳәа. Иаарласны аус ишаҳҭаху еиԥш аҟалара алымшозаргьы, раԥхьатәи ашьаҿагьы бзиоуп. Ишыжәдыруеиԥш ирантәи аиадертә программа аганахь алагьы ирласны зегь шьақәгылоит ҳәа ҳшыԥшыз, иахьагьы азҵаара шаарту иаанханы иҟоуп. Асанкциақәа аамҭала ЕАШ иааннамкылар, аиқәышаҳаҭра иалҵит ауп иаанаго. Убри атәы ргәалашәозар акәхап Пхениангьы. Дара ртәы иаҿдырԥшуазар акәхап. Уажәазы ихадоу алидерцәа рҩыџьагь реиԥылароуп. Нас, нас аус ду, аус рацәа ҳзыԥшуп. Уи иахәҭа хадахароуп Аҩада-Мрагыларатәи Азиаҿ аҭынчреи ашәарҭадареи рыҟазаара амеханизм. Уи иалахәхароуп Урыстәыла, Китаи, Иапониа.

— Шәара аиҿцәажәара шәалацәажәоит. Иҟоу ареалиақәа рыла уи ажәытәра иагахьаны ишәымбаӡои? Трамп уи аиԥыларахь аиҿцәажәараз днеиӡом. Уи ииҭаху аультиматум ақәыргылароуп. Шәара романтикк иҳасаб ала аиҿцәажәара акатегориа агәра жәгоит. Сара уи пату ақәысҵоит аха иҟаҵәҟьоу иахьынӡазааигәоу атәы сыздырам. Иара аультиматум азы, шәара – аиҿцәажәаразы…

— Ҳара аиԥылара аԥеиԥш амоурц ҳҭаххар ҟалом. Абокс аҿы аринг ахь инеиаанӡа аспортсменцәа рҽыркапануеит, ибаӷьырбабоит, насоуп аиндаҭлараҵәҟьа ианалаго. Рықәгылара анхыркәшахалак рнапқәа еимырхуеит, еидныҳәалоит. Сара абокси асаммити еиҿсырԥшыр сҭахым аха ацәажәара ду аԥхьа аибакапанра адунеитә дипломатиаҿы иҿыцым акоуп. Ҳаԥшып. Иҟало аабап.

Ажәабжьқәа зегьы
0