АҞӘА, ԥхынҷкәын 4— Sputnik. Урыстәыла ООН Ашәарҭадаратә Хеилак КНДР аганахь ала асанкциақәа ирықәныҟәоит иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, белоруссиатәи ателеканал "СТВ" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"Ҳара иаԥҵоу асанкциақәа ҳрықәныҟәоит" иҳәеит аминистр ателеканал аинтервиу аҭо.
Уаанӡа ООН Ашәарҭадаратә Хеилак еицҿакрыла иаднакылеит КНДР аганахь ала асанкциа ҿыцқәа. Урҭ инарықәыршәаны Пхениан аекспорттәи аимпорттәи лшарақәа акыр иԥкуп.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит аиҿкаара атәылақәа зегьы адгылара шарҭо аиқәымақарратә еицәажәара аганахь иааныжьны аилибакаарахь амҩа аԥшаара шхымԥадатәиу.