Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаразиа: Қоџьаели ҩаӡара ҳаракыла иаартын аԥсуа хеилак

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Харазия
Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қоџьаели иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ҩажәа нызқьҩык рааҟара ыҟоуп, урҭ рахьынтә зықьҩык инарзынаԥшуа Аԥсуа культуратә хеилак иадҵаалоит ҳәа Sputnik ахь адырра ҟаиҵеит Вадим Ҳаразиа.
Ҳаразиа: Қоџьаели ҩаӡара ҳаракыла иаартын аԥсуа хеидкыла

"Аԥсуа культуратә федерациа хазы инышьқәгыла 9-10 шықәса раԥхьа Ҭырқәтәыла ақалақь Қоџьаели иаартын ахеилак, аха аҭыԥ уамак иманшәаламызт, уажәы ақалақь агәахьы ииагоуп, ауаа рацәа зҭаауа апарк иазааигәоуп. Ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥган аԥсуа хеидкыла аҭыԥ  ҿыц аҟны аартра. Уи ихы алаирхәит  Ҭырқәтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ. Қоџьаели ақалақь ахада Аԥсны днеихьеит, даара дазҿлымҳауп, уи иқәгылараҿгьы иазгәеиҭеит. Иара Караосман-оглы ижәлоуп,  Аԥсны  Џьгьарда инхоит ижәлантәқәа, еиԥылахьеит. Ҭырқәтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иакәзар иқәгылараҿы ҳҳәынҭқарреи ҳмилаҭи рҭоурых дырзааҭгылеит,  ибзианы ишидыруа убартә иҟан. Хымԥада, ацхыраара шәаҳҭоит шәбызшәа аиқәырхараҟны. Шәахьынхо аҭырқәа ҳәынҭқарраҟны шәџьабаа ажәлар ирдыруеит ҳәа азгәеиҭеит", —иҳәеит Ҳаразиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0