Ачерқьес бираҟ амш азгәарҭоит Аԥсны

© Sputnik Сария КварацхелияДень черкесского флага
День черкесского флага - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәҩыла ахәыҷқәеи адуқәеи абираҟқәеи ашәҭқәеи рыманы инеиит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу абаҟахьы.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ашьыжь, асааҭ 10 рзы шәҩыла ахәыҷқәеи адуқәеи абираҟқәеи ашәҭқәеи рыманы инеиит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу абаҟахьы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ачерқьесцәа ргәаладыршәарц.

Аԥсуа поет Геннади Аламиа иажәақәа рыла Ачерқьес бираҟ амш Аԥсны зегьы азыҳәан иныҳәоуп.

"Аибашьраан хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз рбираҟқәа ирыҵагыланы иаауан. Ачерқьесцәа рбираҟ еснагь ҳбираҟ иавагылан. Зхы иақәиҭыртәуаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи аԥсуа бираҟ еиԥш ирхашәыршәыруан ачерқьес бираҟгьы. Владислав Арӡынба ахә ҳаракны ишьон ҳаиашьара", — иҳәеит иара.

Аҟәа инхо Жанна Леиԥҳа илҳәеит иахьазы Аԥсны ишынхо адыгааи ачеқьесцәеи рацәаҩны.

"Ҳара шьак ҳаицалҵит. Убри азы абираҟ Амш зеиԥшныҳәаны иаҳзыҟазароуп. Аԥсны аҭоурых аҟны еснагь рҭыԥ ыҟан адыгцәеи ачерқьесцәеи", — лҳәеит лара.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы. Адыгатәыла, Ҟабарда-балкариа, Ҟарачы-Черқьесск ари амш инарҭбааны традициак аҳасаб ала иазгәарҭоит.

Иара убасгьы абри амш азгәарҭоит ачерқьесцәа ахьынхо атәылақәа 50 рҟны.

1992 шықәса рзы Адыгатәыла аҳәынҭқарратә бираҟ ҳәынҭқарратә бираҟк аҳасаб ала ишьақәырӷәӷәан.

Абираҟ ианыԥшуа 12 еҵәа адыга хылҵшьҭра дуқәа ирхыԥхьаӡароуп, еихысуа ахҿақәа 3 иналукааша аҭауад жәлақәа рхыԥхьаӡароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0