АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. XVII Москватәи Амшаԥтә фестиваль иалахәуп Аԥснытәи ахортә капелла. Афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥы 8 инаркны лаҵарамза 9 рҟынӡа. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит акапелла асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Нора Џьынџьалԥҳа.
"Актәи аконцерт мҩаԥысит аџьа аветеранцәа рпансионат аҟны. Аконцерт ааҳартит Гендель ирҿиамҭа "Аллилуй" ала. Аконцерт даара ишьахәны имҩаԥысит. Аветеранцәа рылаӷырӡ аагеит. Урҭ ҳмузыка даара гәыкала ирыдыркылеит. Ақәгылара ашьҭахь дареи ҳареи ҳаиҿцәажәон. Урҭ рыбжьара иҟан Аԥсныҟа иаахьаз", — ҳәа еиҭалҳәоит адирижиор.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥнагараны иҟоуп аконцертқәа ҩба: Ростовтәи ауахәамаҿи, амузеи-ҳәырԥсарра "Царицыно" аҟныи.
XVII Москватәи Амшаԥтә фестиваль иалахәуп Аԥснытәи ахортә капелла. Афестиваль мҩаԥысуеит мшаԥы 8 инаркны лаҵарамза 9 рҟынӡа.
Москватәи Амшаԥтә фестиваль хацыркуп Мариинтәи атеатр адирижиор хада Валери Гергиев.