АҞӘА, мшаԥы 25– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥы 25 рзы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥыза-министр ҿыц Геннади Гагәылиа аминистрцәа дыдирдырит
"Сгәы иаанагоит еизаз зегьы ижәдыруеит ҳәа Аԥыза-министрс Геннади Гагәылиа дшыҟалази уаанӡатәи Аԥыза-министр Беслан Барцыц аҽа усурак ахь ииасра инамаданы инапынҵақәа рҟынтәи ихы дшақәиҭтәуи. Зегьы еилышәкаар сҭахуп ари усуратә процессны ишыҟоу. Аминистрцәа реилазаара аусура хра шамоу еиԥш агхақәагьы амоуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Иара иҳәеит дшақәгыӷуа Аминистрцәа реилазаара аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбра алшап ҳәа.
"Аҳәара зуеит анапхгаҩ ҿыц шәивагыларц. Уи иусушьа атәы бзианы ижәдыруеит. Ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Беслан Барцыц имҩаԥигаз иусуразы. Агәра згоит ԥхьаҟагьы аҽаарԥшра шилшо", — иҳәеит атәыла Ахада.
Беслан Барцыц Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит еицымҩаԥыргоз русуразы. Аԥыза-министр ҿыц иҳәеит имҩаԥысуаз аусура ԥхьаҟагьы ацҵара аҭахны ишыҟоу.
Зегьы ирхаданы иҟоу аҭакԥхықәра амазаароуп иҳәеит иара.
Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.
Аусҧҟа аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ихы дақәиҭтәызааит Барцыц Беслан Константин-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр имаҵураҟнытә даҽа усурҭак ахь ииасра инамаданы. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс даҭазааит Гагәлиа Геннади Леонид-иҧа" ҳәа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ҿыц аҧҵахаанӡа анапынҵақәа рынагӡара.
Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада Анапхгара Ахантәаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада Гагулиа Геннадии Леонид-иҧа диит ажьырныҳәа 4, 1948 шықәса рзы,
Аҧснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
1972 шықәса рзы далгеит Белоруссиатәи Аполитехникатә Институт, анџьныр-аргылаҩ изанааҭ иманы.
11.1972-04.1973шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аҟны аус иуан.
04.1973-06.1974шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аргылаҩцәа реиҳабы.
06.1971-09.1976шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ атрест №16, еиҭаҵуа амеханизмтә еишьҭагыла №144 анџьныр хада.
10.1976-03.1977шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУ-4 атрест №16, адгьылҭыҧ №18 аргылаҩ еиҳабы.
08.1977-09.1986шш. рзы аӡиа Риҵа азеиҧшкрыфарҭатә Комбинат адиректор ихаҭыҧуаҩы.
09.1986-09.1991шш. рзы Гәдоуҭатәи РАИПО анапхгара ахантәаҩы.
09.1991-06.1992шш. рзы Аҧсны АССР Аминистцәа Реилазаара адәныҟатә економикатәи ареспуьликақәа рыбжьаратәи аимадара Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩы.
06.1992-12.1992шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аҿы Аҳәынҭқарратә комитет адәныҟатәи аекономикатә еимадарақәа Ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡоит.
12.1992-12.1993шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыыҧуаҩ, адәныҟатәи аеконимикатә еимадарақәа ркомитет ахантәаҩ.
12.1993-01.1995шш.рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыыҧуаҩ, адәныҟатәи аеконимикатә еимадарақәа ркомитет ахантәаҩы.
01.1995-04.1997шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.
03.2002-11.2002шш. Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат ицхырааҩ.
01.04.1997-2002шш. рзыАҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.
12.2003-2004шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.
07.12.2002-04.2003шш. рзы Аҧсны Аҳәанҭқарра Ахада Ихадара Анапхгаҩы.
2004 инаркны иахьа уажәраанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.