"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Арухаа жәлар рарҳәагақәа рыла ишьақәгылоу оркест иазкны
"Жәлар раҳәагақәа рыла аус зуа рхыԥхьаӡара маҷҩуп, ишахәҭоу еиԥш иӡыргам ҳәа сгәы иаанагоит. Ирацәоуп еиуеиԥшым астудиақәа жәлар рыкәашара аганахь ала, ҳа хус еиҳа ицәгьоуп, уи ҳамӡап, иаҳа аџьабаа ацуп. Аконцертә программа ахәаԥшҩы игәаԥхаԥхартә еиԥш ишьақәҳаргылеит. Оркестр иалаҳҵеит аестрадатә инстументқәагьы. Иарԥшӡап абжьы арбеиап ҳәа иазыԥхьаӡаны. Ауаа ргәаҟынӡа инеиртә еиԥш иаҳзыҟаҵар, жәлар рмузыкахь ихьаҳарԥшуеит. Ҳара ҳарҳәагақәа ҳамкыр, изаку ҳамҳәар, ҳаламцәажәар, даҽаӡәы уи зынӡыскгьы дазхьаԥшуам", — азгәеиҭеит Арухаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Мшаԥы 26 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу оркестр раԥхьатәи аконцерт.