00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аӡбарҭа хадеи Апрокурор хадеи "ампыл" еимырдоит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба Аӡбарҭа хада ахантәаҩы Манана Делԥҳа лахь азыҳәа неишьҭит Аԥсны АИхқәа 2017 шықәса рзы Рафик Чалокиан дишьызар ҟалоит ҳәа агәҩара ззыҟоу Едуард Адлеиба иганахь ала ашьаусҭҵаара иалацәажәо агәҽанҵара рылҭарц.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Ашьаусҭҵаара шымҩаԥысуа атәы иахцәажәо АИХқәа агәҽанҵара рыҭара азин имоуп апрокурор хада ҳәа аҳәоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аофициалтә саит аҟны. 

"Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы изинмчрақәа ҳәаақәырҵоит ареспублика Азакәанеидкыла ахы 46, "Аӡбаратә мчразы" азакәан ахәҭаҷ 66. Уаҟа иарбам ашьаусҭҵаара иахцәажәо АИХ аганахь ала агәҽанҵара аҟаҵараз азинмчра рымоуп ҳәа. "Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратуразы" азакәан аҟны иарбоуп асеиԥш азинмчра змоу апрокурор иоуп", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алхрақәа инарымаданы АИХ рахь ааԥхьара ҟанаҵеит

Иреиҳаӡоу аӡбарҭаа шәҟәаҿы иазгәанаҭеит ашьаусҭҵаара аларҵәара еиҿызкаауаны иҟоу иаарту аилатәараҿ ажурналистцәа рыҟазаароуп ҳәа. Убри аан аудио–, афото– ма авидеоҭаҩра аҟаҵара азин ыҟоуп аӡбарҭа ақәшаҳаҭрала.

Ажурналистцәа арҭ азинқәа аӡбарҭа ақәшаҳаҭымкәа рхы ианадырхәо урҭ анырра рыҭахоит азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьақәа рхархәарала.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иара убасгьы иазгәанаҭеит АИХ аусзуҩцәа азин рымам рдыррақәа рҟны алкаақәа ҟаҵахаанӡа ргәаанагарақәа рарбара, урҭ анеитралитет рыманы рхы мҩаԥыргалароуп ҳәа.

Ачба ишәҟәаҿы иазгәеиҭеит 2018 шықәса мшаԥы 20 рзы ашьаусӡбара иалахәыз ажурналистцәа ашьаустә ӡбареиҿкаара апринципқәа еиларгеит ҳәа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит статиақәак аҿаҵа-ҟазшьа рымоуп, ауаажәларратә гәаанагарагьы анырра арҭоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0