Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба Аԥсны аҭоурых азы аԥышәара иазкны: рдыррақәа арӷәӷәаразы ауп

© SputnikАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа школқәа рҿы ҿыц иалагалахаз Аԥсны аҭоруых азы аԥышәара атәы.

Какоба Аԥсны аҭоурых азы аԥышәара иазкны: рдыррақәа арӷәӷәаразы
"Сынтәа иалагалоуп Аԥсны аҭоурых азы аԥышәара. Ажәбатәи акласс аҿы усгьы иарҭон, ажәабатәи аҿгьы ихымԥадатәины иалаҳгалеит. Аԥышәара ари ашықәсан ироуз адыррақәа реихшьала ауп.  Аҳәынҭқарратә университет ахь иҭало аҵаҩцәа Аԥсны аҭоурых анырҭиуа иубон даараӡа ихьысҳан ишырдыруа. Уи ауп изыхҟьазгьы аҭоурых ԥышәаран алагалара.  Адҵақәа ашколқәа зегьы ироуижьҭеи акрааҵуеит, сынтәа аушьҭымҭацәа Аԥсны аҭоурых ԥышәаран ишроуа атәы. Аԥсуа школқәа рзы аԥышәарақәа ԥшьба, убрахь Аԥсны аҭоурых налаҵаны ихымԥадатәиуп, ахәбатәи, аҵаҩы ихала ииҭаху алаихуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.  

Ажәабжьқәа зегьы
0