Атеррорист гәыԥ ИГИЛ ахахьы иагеит атерактқәа

© AP Photo Massoud HossainiМесто взрыва в Кабуле, Афганистан
Место взрыва в Кабуле, Афганистан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахьа ашьыжь Кабул аԥжәарақәа ҩба аҭыԥ рыман. Урҭ мҩаԥызгаз атеррорист-аҽшьҩы иоуп.

АҞӘА, мшаԥы 30 — Sputnik. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Афганистан аҳҭнықалақь Кабул аҭыԥ змаз аԥжәаарқәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 29-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара 50-ҩык инаӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал 1TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

На месте взрыва в Кабуле, Афганистан - Sputnik Аҧсны
Атеррорист актқәа мҩаԥган Афганистан

АИХ иҟарҵаз адыррақәа рыла ахәрақәа роуит 49-ҩык ауааԥсыра.

АИХ иҟарҵо аинформациақәа рыла ашәахьа ашьыжь Кабул аԥжәарақәа ҩба аҭыԥ рыман. Урҭ мҩаԥызгаз атеррорист-аҽшьҩы иоуп.

Аҩбатәи аԥжәара аҭыԥ аман актәи аԥжәара аныҟала ашьҭахь 20 минуҭ ааҵуаны. Аҭыԥқәа рахь инеиит ажурналистцәа, ацхыраара ласы амаҵзуцәа, аполициауаа.

Аҩбатәи аԥжәараан иҭахеит ажурналистцәа быжьҩык, урҭ рыбжьара Франс Пресс амаҵзура афотоҭыхыҩгьы.

Ателеканал 1TV адырра ҟанаҵеит иара убасгьы ишҭахаз аканал акорреспондент Гази Расули аоператор Новруз Али Раджаби.

Ажәабжьқәа зегьы
0