Ермантәыла Апарламент Аԥыза-министр далнамхит

© Sputnik / Asatur Yesayants / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСторонники оппозиции во время митинга на площади Республики в Ереване
Сторонники оппозиции во время митинга на площади Республики в Ереване - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿкаара "Мой шаг" ашьаҭаркҩы, апарламенттә фракциа "Елк" ахантәаҩы Никол Пашиниан Ермантәыла Аԥыза-министрс далрымхит.

АҞӘА, лаҵара 2— Sputnik. Ермантәыла амилаҭтә еизара аҩашаҽны имҩаԥнагаз изаамҭанытәим аилатәараҿы адепутатцәа реиҳараҩык (56) Никола Пашиниан икандидатура иаҿагыланы рыбжьы рҭиит. Иара изы рыбжьы рҭиит 45-ҩык адепутатцәа ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

Акция протеста оппозиции в Ереване - Sputnik Аҧсны
Ереван аҿагылаартә акциақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит

Пашиниан икандидатура мшаԥы 30 рзы иқәнаргылеит афракциа "Елк". Пашиниан далырхырц азы иоур акәын 105 рҟынтәи 53 бжьы.

Ермантәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны мчыбжьык ашьҭахь имҩаԥысроуп алхра ҿыцқәа. Аҩбатәи атур аҟны Пашиниан иоуроуп ианеиҵаха 32 бжьы.

Аԥыза-министр убасҟангьы далхымхар, Амилаҭтә еизара еимдырпуеит, изаамҭанытәим алхрақәагьы мҩаԥгахоит 40 мшы рыҩныҵҟа.

Ермантәыла апарламенттә фракциа "Елк" ахада, аоппозициаа раԥхьагыла Никол Пашиниан Аԥыза-министр ҳәа икандидатура ықәыргылан мшаԥы 30 рзы. Абри атәы иҳәеит афракциа "Елк" алахәыла Арарат Мирзоиан иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Мирзоиан аҳәамҭа ҟаиҵеит апарламенттә фракциа "Елк" апарламент егьырҭ апартиақәа ахԥа рхадацәа ишырԥылаз, аилацәажәарақәа шымҩаԥыргаз.

Мирзоиан иазгәеиҭеит Ермантәыла аԥеиԥш азы згәы былуа Пашиниан изы рыбжьы рҭиип ҳәа.

Уаанӡа, Ермантәыла анапхгаратә партиа Аԥыза-министр икандидатура ықәнаргылом ҳәа аҳәамҭа шыҟаҵоу азы адырра аухьан РИА Новости, ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аполитикатә шьаҿа иалнаршоит ареспубликаҿы аимак аԥырҟәҟәаара, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.

Пресс-конференция Н. Пашиняна в Ереване - Sputnik Аҧсны
Никол Пашиниан Аԥыза-министр ҳәа икандидатура ықәыргылоуп

Ус шакәугьы ЕАП алхрақәа ирылахәхоит.

Мшаԥы 13 инаркны Ермантәыла имҩаԥысуан Серж Саргсиан Аԥыза-министрс иалхра иаҿагылаз амитингқәа.

Мшаԥы 23 рзы, ауаажәларра массала рықәгылара ашьҭахь Аԥыза-министр Серж Саргсиан инапынҵақәа аанижьит. Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡоит Карен Карапетиан.

Аоппозициаа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарци анапхгара иатәу Ареспубликатә партиа аԥыхреи рзы иқәгылоит.

Мшаԥы 25 рзы аиҿкаара "Мой шаг" аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥыза-министр икандидатура ҳәа Никол Пашиниан икандидатура шықәнаргыло азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0