Атәыла Ахада иҟны аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСовещание по вопросу празднования 25-летия Победы в Отечественной войне народа Абхазии
Совещание по вопросу празднования 25-летия Победы в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵра амши Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи разгәаҭара аҽазыҟаҵара иазку Акомиссиа аилацәажәара мҩаҧигеит.

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсны 2018 шықәса рзы иазгәарҭараны иҟоуп аныҳәақәа ҩба: 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵра амши Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵреи. Арҭ ауснагӡатәқәа аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи ирзоужьуп 30 миллион мааҭ. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аныҳәа амҩаԥгара ахырхарҭақәа хԥа: арратә парад, акультуратә уснагӡатәқәа, ақалақь ахаҿра арԥшӡара.

Совещание в администрации президента по подготовке в празднованию Дня независимости Абхазии - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит

"Арҭ ауснагӡатәқәа зегьы хаҭабзиарала имҩаԥгатәуп. Убри аганахь ала шәгәаанагарақәа сырзыӡырҩыр сҭахуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Акомиссиа аҳасабырба ҟанаҵеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҽазыҟаҵаразы имҩаҧгоу аусуразы.

Атәылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа инеигеит 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкны арратә Парад аҽазыҟаҵара амҩаҧысшьа атәы. Апарад иалахәу рзеиҧш хыҧхьаӡара 1221-ҩык рҟынӡа ҟалоит, аныҟәара иалахәхо аусбарҭақәа зегьы рхатәы еилазаара ахыҧхьаӡаразы адырра рыҭоуп, иалкаауп апарад архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа, аҽызаҟаҵара иаҿуп арратә техника.

Атәыла Ахада аҳәара ҟаиҵеит абарҭ аусхкқәа зегьы ҷыдала иара хылаԥшра риҭаларц, иагьазгәеиҭеит аныҳәамшқәа ишрылахәхо асасцәа рацәаны. Иалшоит Урыстәыла Ахада Владимир Путингьы даҳҭаар ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ажәалагала ҟаиҵеит аныҳәақәа рҟынӡа ареспублика иахьаҵанакуа асубботникқәа ҩба мҩаԥгазарц.

Аиааира амшныҳәа инақәыршәаны "Аԥсадгьыл ахьчаҩ иан" ҳәа амедал аҭыжьра атәы далацәажәеит "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа. Лара лгәаанагарала асеиԥш иҟоу амедал аԥҵатәны иҟоижьҭеи акрааҵуеит.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит абри амедаль инаваргыланы зыхшара ҭахаз анацәа зегьы ирҳамҭахаша амедал азхәыцра аҭахны иҟоуп ҳәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурыхкультуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаҧҳа илҳәеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи жәпакы злахәу аусуратә гәыҧ ҳазҭоу амза аҩныҵҟа иаздырхиараны ишыҟоу аусмҩаҧгатәқәа разҧхьагәаҭа. Ақалақьтәи араионтәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысраны иҟоуп цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рызбжазы, ихиоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку асценари апроект, — иазгәалҭеит Ельвира Арсалиаҧҳа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ақаҩба Даур далацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 10 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкхо "Азхаҵара 10 шықәса ахыҵра: аихшьалақәеи ҧхьаҟатәи алшарақәеи" захьӡу жәарбжьаратәи аконференциа.

Рауль Ҳаџьымба далацәажәеит иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟақәа рҭагылазаашьа ишазхьаԥштәу. Иҟоуп аиҭашьақәыргылара зҭаху иҳәеит иара. Убас, Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы амемориалтә плитақәа рҟны аҩырақәа рыԥшшәы рыԥсахит ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц.

"Ииасыз ашықәс азы аҩырақәа ҳаԥсахит, аха уажәы рыԥшшәы цаны иҟоуп. Урҭ рыԥсахра азҵаара иалацәажәоуп. Аҟәа ақалақь Ахадара аҳәара ҟарҵахьеит миллионк рҟынӡа аԥара абри аус иазоужьхарц. Аҩырақәа зну ашьанҵахаҳәеиқәаҵәа аҳәаанырцәынтәи иаагатәуп. Уоуп иахьыҟарҵо. Уахьынтәи аагарагьы ҩымзҟа аҭаххоит" — иҳәеит Барцыц.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ишақәнагоу ала еиҿкаатәуп

Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иҳәеит аусбарҭа аганахьала ишазҧхьагәаҭоу 21 усмҩаҧгатә. Ахада иҳәеит иахьанатә ашколхәыҷқәеи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи реиҧылара аиҿкаара шаҭаху.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада Роланд Бганба иҳәеит ишазҧхьагәаҭоу аветеранцәеи иҭахаз аибашьцәа ранацәеи ирызку адырраҭарақәа рцикл. Иара убас ААТРЕ ишазнархио Аҧсны Аҳәынҭқарра иазку адокументтә фильм.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет ааӡаратә ҟәша апроректор Медеиа Чегьиа иазгәалҭеит ААУ авалантиорцәа аусмҩаҧгатәқәа зегьы рыҟны, иара убас аветеранцәа рҭаацәа рыцхыраара ишазхиоу.

Ажурналистцәа Реидгыла Ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҳәеит аиубилеитә рыцхәқәа инарықәыршәаны ишазгәаҭоу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ажурналисттә усура мҩаҧызгоз урыстәылатәи ажурналистцәа Аҧсныҟа раара, иара убас Ибрагим Ҷкадуеи Владимир Попови рфотоцәыргақәҵа шеиҿкаахо.

Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика араионқәа зегьы рҿы, аҳҭнықалақь дазааҭгыланы, ҷыдала иаҵшьны иҳәеит аныҳәамшқәа рзы реиҿкаара шаҭаху, иара убас аныҳәатә усмҩаҧгатә дуқәа ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәа зегьы рыҟны, ианаамҭоу асасцәа рааҧхьара, аҳәынҭқарраҿы иазҧхьагәаҭоу аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа зегьы шеицеиҿкаатәу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа ишырҭаатәу. Ахада иара убас Акомиссиа иалахәу есымчыбжьа аҽазыҟаҵара шымҩаҧысуа атәы иарҳәаларц рыдиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0