Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны аџьаԥҳаны аиагара ԥкын

CC0 / / Оружие
Оружие - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсоу аӡиас ала аурыс – аԥсуа ҳәааҟны иааныркылаз автомашьынаҿ ирбеит апатронақәа 30.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. Америкатәи авинтовка М-16 ианаало апатронақәа рбеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуаз автомашьынаҿ ҳәа аанацҳауеит "Кубань24" Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаҩратә номерқәа змоу автомобиль Porsche Caeynne аҟны америкатәи авинтовка М-16 ианаало апатронақәа ԥшаан. Америкатәи авинтовка М-16 ЕАШи НАТО атәылақәеи рырратә мчрақәа рҿы ахархәара амоуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аџьаԥҳани автомашьынеи ашьаус ахацыркразы аӡбра рыдыркылаанӡа иаанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0