Избан Путин Европа ихьӡ-иԥша зыҳараку: аполитологцәа уи амзызқәа рҳәеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по экономическим вопросам
Президент РФ В. Путин провел совещание по экономическим вопросам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи аилахәыра Ifop европаа рыгәҭа азҵаарақәа мҩаԥнагеит, адунеи аҟны еиҳа иӷәӷәоу ԥхьагылаҩны ирыԥхьаӡо аилкааразы.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адунеи аҟны еиҳа иӷәӷәоу ԥхьагылаҩны ишәыԥхьаӡо дарбану ҳәа азҵаара аҭакс италиаа (38%), афранцызцәеи анемццәеи (34%) Владимир Путин ихьӡ рҳәеит. Азҵаарақәа мҩаԥган апроект Sputnik.Мнения аҳәаақәа ирҭагӡаны аилахәыра Ifop ахархәарала аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рзы.

Аполитолог Николаи Ҭраԥшь игәаанагарала арҭ  аилкаарақәа  ирныԥшуеит иахьатәи Европа аҟазшьа ҷыдақәа.

Хаджимба проголосовал на выборах президента России - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит

"Ганкахьала европаа зегьы ртәылақәа рнапхгара ирҳәо иашоуп ҳәа иазырыԥхьаӡом. Урҭ Урыстәыла имҩаԥнаго  аполитикатә курс еиҳа адгылара арҭоит. "Аибашьра хьшәашәа" аамҭақәа ииасхьеит. Апроблема ҿыцқәа  аԥыжәара ргеит", — иҳәоит иара.

Аполитолог иажәақәа рыла АИХқәеи аполитикатә елитеи идырҿио Урыстәыла  ахаҿсахьа  ихәыцуа, иҟаҵәҟьо еилызкаауа европаа рзы  шәара ацым.

"Ганкахьала Владимир Путин аԥхьагыла ӷәӷәа, амилаҭтә интересқәа ахадараҿы изыргыло иакәны ирбоит. Аҳәаанырцәтәи абжьагарақәа ракәымкәа ахатә гәаанагара  аԥыжәара шеиҭо рбоит. Насгьы, Тереза Меи Маргарет Тетчер лакәым, Еммануель Макрон иакәзар, Жак Ширак ма Франсуа Миттеран дреиԥшым, Ангела Меркель лакәзаргьы Гельмут Коль иҟынӡа дзынаӡом", — иҳәеит Николаи Ҭраԥшь.

Аполитолог игәаанагарала Владимир Путин зхатә хәыцшьа, зхатә гәаанагара змоу аӡә иакәны пату иқәумҵар залшом.

"Европаа ирбоит Владимир Путин  жәларбжьаратәи атерроризм, адинтә фундаментализм, амиграциа, анаркотрафик уҳәа реиԥш иҟоу адунеитә проблемақәа рыӡбра иҽшазишәо", — иҳәеит аполитолог.

Терент Чания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷаниа: Владимир Путин илшеит аҳәынҭқарра ду ашьапы ақәыргылара

Абри агәаанагара дазааигәоуп аполитолог Владимир Новиков.

"Иахьазы аԥхьагылаҩцәа рыкризис аҭыԥ амоуп уҳәар алшоит. Еиҿшәырԥши  Тереза Меии Тони Блери. Шәрыхәаԥши апопулистцәа: Трамп, Макрон, Ренци", — иҳәеит иара.

Адунеи аҟны  еиҳа иӷәӷәоу ԥхьагылаҩны ишәыԥхьаӡо дарбану ҳәа азҵаара аҭакс италиаа (38%), афранцызцәеи анемццәеи (34%) Владимир Путин ихьӡ рҳәеит.

Убас еиԥш ихәыцуеит 26% британиааи 23% америкааи. Дональд Трамп далыркаауеит  43% америкааи 33% британиааи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0