Аԥсуа ансамбль ҿыц "Нарсов" аԥҵахеит Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа ансамбль ҿыц "Нарсов" аԥҵахеит Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ансамбль ҿыц Нарсов аԥҵахеит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ансамбль "Нарсов" раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik 

Ҭырқәтәыла, Сақариа иаҵанакуа ақалақь Адаԥазар аҟны инхоит зықьҩыла аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Дара ашәышықәса аҩнуҵҟа ирылдыршеит рҵаси, рқьабзи, ркультуреи еиқәырханы иахьанӡа аагара.

Адаԥазар, аԥсуа Дернеқь аҟны иаԥҵоу акәашаратә коллектив "Аԥсынра" изныкымкәа рџьынџьдгьыл аҟны аконцертқәа мҩаԥыргахьан. Шықәсык аԥхьа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба иҵаҩы Озгьиур Сымсым, иаԥиҵеит "Нарсов" (Аҳәа- аред.) захьӡу ансамбль ҿыц. Араҟа икәашоит 40-ҩык ахәыҷқәа, аиҳабыратәии, аиҵбыратәии агәыԥқәа ҳәа еихшаны.

"Ҳара хықәкыс иҳамоуп, Ҭырқәтәыла, Сақариа еиҵагылаз аԥсуа биԥара ҿыц рҭоурых рызнагара, ркультура арыларҵәара. Иахьа аколлектив аҟны аԥсуаа рыдагьы икәашоит ачерқьес жәлар рхаҭарнакцәа, иара убас аҭырқәцәагьы. Дара ҳара ҳҵасқәа аинтерес рзаҵоуп, пату ақәырҵоит. "Нарсов" иадҵаало рацәаҩӡоуп. Наҟ-наҟ исгәиҭоуп ари ансамбль Аԥсныҟа агара", — иҳәоит аколлектив "Нарсов" асахьаркыратә напхгаҩы Озгьиур Сымсым.

Аконцерт сааҭқәак шагыз, ана-ара афишақәа ахькнаҳаз инеис-ааисуаз рыбла ахыргон. Ансамбль "Нарсов" раԥхьатәи аконцерт еиднакылеит 500-ҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа. Дара зегьы рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт, асценаҟны милаҭ маҭәала еилаҳәаз ахьыбҿар, амцабз зхылҵуаз Кавказтәи акәашарақәа анынарыгӡоз.

Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит

Озгьиур Сымсым аҭыԥантәи ашколқәа руакы директорс дахагылоуп. Ансамбль аҿы еиҳараӡак икәашогьы иҵаҩцәа роуп, убраауп аҽазыҟаҵарақәагьы ахьымҩаԥырго. Аконцерт иаҭааз Озгьиур ишкол ашьаҭаркҩы, аԥсуаа убасҟак иԥханы дрыхцәажәеит, угәы арԥшааратәы.

"Сара сԥеи сыԥҳаи аҭаацәара иаламлацт. Убри аҟнытә агәаҳәара ду сымоуп, исҭацахоуи исымаҳәхоуи аԥсыуаахарц", — иҳәеит асценаҿы днеины.

"Нарсов" аҟны ахкы назыгӡо, 18 шықәса зхыҵуа Доач Сергьегьиа иҳаилиркааит, изныкымкәа уаанӡа дызлаз ансамбль "Аԥсынра" дацны иџьынџьдгьыл ахь дышцахьаз. Уажәгьы агәыӷра имоуп, аколлектив ҿыц дахәҭакны ҩаԥхьа Аԥсны дшаҭаауа. Сааҭки бжаки ирылагӡаны ицоз аконцерт агәахәара дуӡӡа рнаҭеит иаҭааз зегьы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы сыҟоуп саргьы, Аԥснынтәи зашьцәа рахь сасра иааз.

Ажәабжьқәа зегьы
0