Аиааира амшныҳәа Аҟәа концертла иазгәаҭан

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амшныҳәа Аҟәа ишазгәарҭаз атәы далацәажәоит Sputnik акорреспондент.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Аиааира амш 73-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшахеит атеатр Ашҭаҿ имҩаԥгаз аконцерт ала. Амшын аԥшаҳәа иқәыҩуан аибашьра амца иалиааз ашәақәа, амузыка. Традициала аконцерт аадыртуеит аибашьцәа ирызку ашәа "Дорогие мои ветераны"ала. Азыӡырыҩцәа ршьапы иқәгыланы иазыӡырыҩуан абри ашәа.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аиааира амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

"Аиааира амш алаӷырӡи аччаԥшьи ирымшуп. Ашәақәа ракәзар лаӷырӡыда узырзыӡырыҩуам. Иахьазы Аԥсны иаанханы иҟоу аветеранцәа рхыԥхьаӡара маҷӡахеит", — лҳәоит Аҟәа инхо Асиаҭ Шьаҟрыл.

Ирацәаҩын арахь забацәеи забдуцәеи рфотосахьақәа зманы иааииз. Убарҭ дреиуоуп Марина Черқьезиаԥҳа. Лара арахь иаалгеит аибашьра иалахәыз лан Лиубовь Авдеенко.

"Ҳара иахьа ҳҽалаҳархәит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа", — ҳәа еиҭалҳәоит Марина Черқьезиаԥҳа.

"Сан Лиубовь Авдеенко – аибашьра даветерануп. Далахәын Кавказ, Адгьыл маҷ, Керч, Севастополь, Балаклава рхақәиҭтәра. Аибашьра амца далҵны дхынҳәит. Лаԥсҭазаара далҵит 1988 шықәса рзы. Агәахәара снаҭоит Аԥсны абри аныҳәа азхьаԥшра ду ахьарҭо. Убас, акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" 2015 шықәса рзы иалахәыз 15-ҩык ҳакәызҭгьы, иахьа уахь инеиит зықьҩыла ауааԥсыра", — лҳәоит Черқьезиаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
1/6
Концерт, посвященный Дню Победы
© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
2/6
Концерт, посвященный Дню Победы
© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
3/6
Концерт, посвященный Дню Победы
© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
4/6
Концерт, посвященный Дню Победы
© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
5/6
Концерт, посвященный Дню Победы
© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
6/6
Концерт, посвященный Дню Победы
1/6
Концерт, посвященный Дню Победы
2/6
Концерт, посвященный Дню Победы
3/6
Концерт, посвященный Дню Победы
4/6
Концерт, посвященный Дню Победы
5/6
Концерт, посвященный Дню Победы
6/6
Концерт, посвященный Дню Победы

Аконцерт иахәаԥшырц амшын аԥшаҳәахьы инеиит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш аҳҭнықалақь асасцәагьы. Москватәи аԥсшьаҩы Елена акыр лгәы иахәеит Аԥсны аныҳәа шазгәарҭо. Заҟа агәцаракра аҵоу.

Аконцерт хыркәшан ашәа "День Победы" ала.

Аԥснынтәи 55 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 15 500 аԥсыуаан. 17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0