Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла
Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла, Калдахәара ақыҭан.

Ҭырқәтәыла, лаҵара 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа еиднакылеит, арҭ амшқәа рзы, Адаԥазар иаҵанакуа Калдахәара (Балбалы) ақыҭан имҩаԥгаз аизара Ду.

Ас еиԥш иҟоу, зықьҩыла ауаа злаху аизара изныкымкәа еиҿыркаахьеит. Раԥхьатәи мҩаԥысит 2004 шықәсазы. Урҭ хықәкыс ирыман, ачарақәа раан кьарахәла ахысра аҿагылара аҭара, зынӡа мап ацәкра, избан акәзар, изныкымкәа ахысра ауаҩшьра ахылҿиаахьан.

© Sputnik / Саида ЖибаЕркан Сергегия
Еркан Сергегия - Sputnik Аҧсны
Еркан Сергегия

Сынтәатәи аизара Ду аиҿкааҩцәа иреиуоу, Калдахәара ақыҭан инхо Ерқан Сергьегьиа излаҳаилиркааз ала, аԥсуаа реиқәшәарақәа ааӡаратә, аилабжьаратә ҵакы амоуп.

"Раԥхьатәи аизара Ду аахижьҭеи абиԥара ҿыц еиҵагылеит. Ҳара аиҳабацәа иаҳуалны иҳаԥхьаӡоит аҿар ааԥхьаны, ажәытәи-аҿатәи еиҿырԥшны, зынӡа ҳкультуреи ҳабзазареи ирнымаало ацәаҩақәа раԥырҟәҟәара. Аизара Ду аҟны иҳадаҳкыло аԥҟарақәа, закәанк еиԥш ҳрызнеироуп, уи мап ацәызкуа, иацәхьаҵо ҳажәлар дрылаҳаргылаӡом", — ҳәа ҳаилиркааит ҳџьынџьуаҩ.

Аизара Ду иаҭааит Ҭырқәтәыла ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟнытә хәнызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа рхаҭарнакцәа. Арахь ааԥхьара рыман, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар Рконгресс ахантәаҩы Мусса Екзеков, Аԥсны арепатриациазы аминистр Беслан Дбар уҳәа аӡәырҩы.

Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла

Мусса Екзеков иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, ари аизара аҵак ду шамоу.

"Абас еиԥш аиқәшәара ду аԥшьызгаз ҳазшаз дышәзыразхааит. Зусқәа ааныжьны имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәара уи ала иаашәырԥшит, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш шәшазхьаауа. Ҳабдуцәа злацәажәахьаз азҵаара, ҩаԥхьа шәазыхынҳәит. Ҳара ҳзырԥшӡо, ҳаидызкыло ҳаиҳабацәа ражәа ауп. Ус анакәха иахьа шәареи ҳареи иаҳуалуп, изызҳауа ахьыбҿар амҩа иаша рықәҵара. Даргьы наҟ-наҟ аӡәк еиԥш рҽеидыркыларц, рмилаҭ ахаҿра дмырӡырц. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс хықәкысгьы иамоу убри ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Мусса Екзеков.

Ари аизара Ду иалахәын, Ҭырқәтәылатәи Апарламент иалоу ҩыџьа аԥсуаа Енгин Ҭасқәачи, Зеҳни Ачбеи.

Енгин Ҭыскәач иажәахә аҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз аԥсуаа рџьынџьдгьыл аҟны аибашьра ишалагылаз, арахь ианааигьы уи рразҟхеит.

"Аԥсуа жәлар егьа рыцҳара рхыргахьеит, аха уеизгьы ирылдыршеит атәым дгьыл аҟны рхаҿра амырӡра. Анцәа имчала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаԥсадгьыл ахь амҩақәа ҳзаатит, ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабо ҳалагеит. Уажәшьҭа хәыҷи-дуи иаҳуалу аӡәкра ауп", — инаҵишьит адепутат.

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла
Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла

Аԥсуа жәлар реизара Ду ахь ааԥхьара иман, Ҭырқәтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соииу.

"Ҳагәҭа инхо аԥсуаа, ркультура ҳаракы ала даҽаӡәы илаҩашьаӡом. Абас еиԥш амилаҭқәа зегьы еилабжьозҭгьы, амҩа иаша еицықәлозҭгьы адунеи аҟны аиҿкаара ҟалон", — иҳәеит ачынуаҩ иқәгылараҿы.

Аԥсуа жәлар реизара Ду аофициалтә церемониа ашьҭахь, еиҿкаан амилаҭ кәашарақәа.

Уи аҽны еибабеит Ҭырқәтәыла ахьынӡанаӡааӡо, иара убас Аԥснынтәи инеиз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0