Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылацәажәан Аминистрцәа Реилазаараҟны

© Sputnik Сария КварацхелияВстреча с Сопредседателями Женевских Дискуссий
Встреча с Сопредседателями Женевских Дискуссий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа аԥсуа ган иадыргалеит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа русура шырбо аҭагылазаашьа ахҳәаа азырурц.

АҞӘА. лаҵара 25 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит.

"Ишьақәгылаз атрадициа инақәыршәаны шәареи ҳареи ҳаиԥылоит аиҿцәажәарақәа рраундқәа рыламҭалазы. Ҳалацәажәоит амшхәаԥштә азҵаара. Иазгәасҭар сҭахуп иаҳзаашәышьҭыз ажәадгала шҳауз. Уа шәара иҳадыжәгалеит аиҿцәажәарақәа рформат ҳхатәы лагалақәа азааурц. Уи азы иҭабуп ҳҳәоит. Ҳаргьы аҭак азҳархиеит. Сгәы иаанагоит асеиԥш аизыҟазаашьақәа хра рыманы иҟалап ҳәа", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа аԥсуа ган иадыргалеит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа русура шырбо аҭагылазаашьа. Евроеидгыла аҟынтәи ацхантәаҩ Тоиво Клаар игәаанагарала уи аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟанаҵоит.

"Ҳара аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит ргәаанагарақәа ҳзаарышьҭырц, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара еиҳа еиӷьуп ҳәа агәаанагара шрымоу ҳдырдырырц. Ҳара ҳганахь алагьы иазгәаҳҭеит еиҳа еиӷьны аус шьақәгылоит ҳәа ишаҳаԥхьаӡо. Иаҳҭахуп алахәылацәа зегьы ргәаанагарақәа еидкыланы иҭаҳҵаар", — иҳәеит иара.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс. Иахьатәи аамҭазы аброуп адиалог азы еиқәшәар ахьрылшо Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0