АҞӘА, лаҵара 29– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ацәыргақәҵа "Сквозь время" аатит лаҵара 29 рзы. Аҟазауаа Милана Халилова, Руслан Мазло, Руслан Тхазаплижев рцәыргақәҵахь иааргеит 50 инарзынаԥшуа усумҭа.
Ацәыргақәҵа хықәкны иамоуп амилаҭтә культуреи ҳаамҭазтәи аҟазареи рыбжьара адиалог ашьақәыргылара. Аусумҭақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп ажәытә ҟабардатә ҟазара.
Руслан Тхазаплижев иажәақәа рыла дара рхықәкы аԥсуа хәаԥшҩы ажәытә ҟабардатә дунеи ирдырроуп.
"Ҳара ажәытә ҟазара иахьатәи аԥшра аҳҭеит. Иаҳҳәап Руслан Мазло дызлыҵыз иқыҭаҿы иахьагьы аӡахәа-ҟарма иалхны анапкымҭақәа рԥон. Иара ари аматериал аҟазаратә ҟазшьа аиҭеит. Зқьышықәсала зҭоурых ҵауло амаҭәахәқәа аҟазара иамаҭәарны ҳрыхәаԥшуеит", — иҳәоит Тхазаплижев.
Иара игәаанагарала ҳаамҭазтәи аҟазара амилаҭтә культура аныԥшуа иҟазароуп.
Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа ареспубликазы иҿыцу акакәны иҟоуп ҳәа азылҳәеит.
"Сара агәахәара ду снаҭоит ацәыргақәҵа ахьаасыртуа. Иахьатәи ацәыргақәҵа ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп. 10 шықәса раԥхьа Аҟәа имҩаԥысит адекоративтә ҟазара ацәыргақәҵа. Усҟангьы аинтерес ду цәырнагеит. Асеиԥш еилаӡҩо ацәыргақәҵа адунеи зегь аҟны аинтерес аманы ирыдыркылоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сгәы иаанагоит аҭааҩцәа рзы ацәыргақәҵа гәахәарахап ҳәа", — лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа "Сквозь время" рашәара 8 рҟынӡа имҩаԥысуеит.